TGViewer
Channel Public Channel
Ахьыуардын

Ахьыуардын

@apsua_sputnik

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Subscribers
1.24K
Photos
1.6K
Videos
254
Links
1.9K
Recent Posts 15 shown
Post #2236 133
Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи амзаҭәымҭа-амзашанхамҭа асахьақәа, Афон ҿыц. Ахьыуардын аԥхьаҩ — Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Арифа Қапԥҳа иаҳзаалышьҭын, еибаҳҭеит🧡

Иаҳгәалаҳаршәап "ахьы" злоу иҵегь аԥсуа хатәы хьӡқәа:

Ахацәа:

Хьырбеи
Хьырба
Хьырԥа
Хьымш
Хьымца
Хьышкәакәа
Хьыҭ
Хьыҷ
Хьрыԥс
Хьарԥыс
Хьымкәараса
Хьырҟәыбҷа
Хьаԥшь
Хьӡыр

Аҳәса:

Хьыбла
Хьыбра
Хьымра
Хьымза
Хьымараса
Хьҟәыршәа
Хьыԥшӡа
Хьыԥшқа
Хьыԥса
Хьына
Хьдаҷ
Хьмур
Хьаҷаҷ
Хьыкәыр
Хьыкәа
Хьҵыс


#ахьӡқәа

Амреи амзеи ирхылҿиааз ахатәы хьӡқәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 9
  • 👍 5
  • ❤‍🔥 4
Post #2235 153
🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа

Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб Аџьба иҭыхымҭа. Аҭынчра аамҭазы иаԥиҵахьаз иреиуоуп.

Зхы аасҭа зыԥсадгьыл еиӷьызшьоз ирыбзоуроуп ҳиааира. Ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп ҳәа ихәыцуаз.

Шәҩыла ари амш абара змаӡаз.

Ҳадгьыл иалоуп ршьа,
Ҳажәҩан иалоуп рыԥсы,
Иҟазарц наунагӡа
Зхы иақәиҭу Аԥсны.


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 5
  • 💔 4
  • 👍 2
  • 🥰 2
Post #2234 212
Аԥсуа данҿоугьы,
Дыԥсны дангҿоугьы,
Аԥсны азы дықәԥоит.

Иҭоурых еилазго,
Иҳәаа еиҭазго,
Мбатәы данириоит.

Дцәаӷәаны уихысыргьы,
Егьа уиҿахысыргьы,
Дузаҿакуам ахы.

Аҵла амҵан дтәазаргь,
Иԥсы аарла иҭазаргь,
Илаирҟәуам ихы.

Мыч дук иламыз,
Аха
иламыс
Уаӷрагылан узцаӡом.

Даҿызаргь аԥсхыхра,
Аԥсуа игәыӷра
Бзанҵы иҭашәаӡом.

Аԥсуа даԥсуанаҵ,
Ажәларқәа дрыуанаҵ,
Даиааиуа ԥхьа дцоит.

Аԥсуа данҿоугьы,
Дыԥсны дангҿоугьы,
Аԥсны азы дықәԥоит.


Кәымф Ламиа, 1990


📆🗡 Аҟәа ахақәиҭра — Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз, шьала иаагоу аиааира ду! Агәи алаӷырӡи анеилаҵәоз амш сынтәа 33 шықәса ахыҵуеит, шәадныҳәалазааит зегьы! Жьи-напхыци узеиҟәыҭхара аҳа Аԥсныи аԥсуа жәлари еиҟәыҭхашьа рымам, наџьнатә ҳадгьыл ҳаларсуп. Наунагӡа ус иҟазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 9
  • 👍 6
  • 💔 3
Post #2233 213
🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа)

Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доусы "илахь иаԥшны" иршон аԥсуаа — уи иаанаго, доусы иара ихәы имҵарҵон хаҭала. Иахьагьы аԥшәма иреиӷьу жьхәык аалхны асас идигалар ауеит, уи патуқәҵароуп. Ишԥаҟарҵоз ажьҵаа анырӡлак? Уигьы убас ирырҭозаарын ажәытәан — ашә сақәа, ма ашәырҟәыҷы абысҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵәы ишагәыларҵо еиԥш, иаразнак доусы ихәы инақәҵаны. Ашәҟәыҩҩы Заур Быҭәба еиқәиршәаз "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" рҟны иаҳԥылоит абри атәы ахьиҳәо:

"Ҳаџьымаа аеҳәшьцәа асасдкылашьа уажә ирбазма, абысҭа ҵәиуа ирун рысасцәа надыртәеит. Усҟан ажьҵаа анырӡлакь, асас ибысҭа иақәҵаны имҵадыргылон, хазы асаан ианырымҵаргьы ҟалон. Ус зыҟарҵоз, асас ихәы иақәу иаҳа дацәыԥхамшьакәа ирацәаны ифоит, азеила саан иану ианганы аасҭа ҳәа иԥхьаӡан. Уи жәытәӡатәи ҵасын".

📖
Азе́ила саан — общая тарелка;
Аазе́ишәа, ма асасе́ишәа ду — вытянутый прямоугольный (гостевой) стол

Асахьаҿы: ажьҵаа амҵаҵашьа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа ресторан "Сылашара" аҟны

Асасдкылара иазку ажәаԥҟақәа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 8
  • ❤‍🔥 4
  • 👍 3
Post #2232 218
"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз"

Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеологизмны ахархәара амоуп еиҳарак, аха ас ҟазҵоз абзанхацәа ыҟаҵәҟьан Аԥсны. Убарҭ дреиуан Хәаԥ инхоз, ахаҵареи анхареи рзы даара кыр злаз Мажыгә Бабиа. XIX ашәышықәса актәи азбжазы иуаҩра дҭагылахьан, Маан Кац дихаанын. Ари ауаҩ дызлахәыз иҟалахьоу ахҭысқәа рдыруеит хәаԥаа. Абар Нестор Ҳашыг иҳәамҭаны 1989 шықәсазы Мирод Гәажәба ианиҵахьаз ажәабжь ацыԥҵәаха (уа уи адагьы иџьоушьаша ыҟоуп):

"Иахааныз ирҳәон ҳәа, иахьагьы алакә еиԥш еиҭарҳәоит Мажыгә Бабиа зқьы ԥсаса ааӡаны шәкы абна илазҵахьаз уаҩын ҳәа. Ирҳәоит, абна анцәахәы ихьӡала, ԥсаҭатәс шә-шьтәак, дныҳәа-ныԥхьаны, абахә инаҿацалан, иаанхаз жәшәы иԥсаса иманы амыжьӡахьы дылбааит ҳәа. Абахә иаҿеицалаз ишьтәақәа ҩымз ааҵуаны аиԥш, ишышәкызгьы ԥырхагак рымаӡамкәан, еицырхашьшьы хәылԥазык иашҭа иааҭалеит ҳәа рҳәоит. Ажәакала, Мажыгә заамҭазын мшы змоу анхаҩ ду ҳәа ззырҳәоз уаҩын..."

📖 Амыжьӡахьы дылбааит — агаҿахь дылбааит

Ахыҵхырҭа: Мирод Гәажәба "Хәырбыц иӡыхь", 2006, ад. 198

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Telegram Ахьыуардын Кыр иалаҟан инхо ишԥаизырҳәо? ⢤⠬⢊⢈⡘⢈ ⢔⠴⢑⣂⠬⠲⠕ ⡆ ⠖⢉⠒⡑⠋⠊⠑⠔⡰ ⠍⡐ ⡨ ⠜⠍⢘ ⢂⡉ ⢃⢆⠖⠬⠣⠰⠎⠃⠃⢠ • Иԥсы илоуп; • Иԥсы еивыган дыҟоуп; • Акрыикуп; • Акы дазрыцҳам; • Акы дахашшаауам; • Аԥара-ашьара игӡам; • Иизымхо ҳәа егьыҟам; • Инхара-нҵыра еихачаԥоуп; • Зегь рыла деиқәшәоуп.…
  • 🔥 5
  • 👍 4
  • ❤ 2
Post #2231 246
Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа

• Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.

• Рыцк ҳаҭыр ақәызҵо ауеиба иеиԥш дынхеит.

• Ҩ-џьмакы урыцзар аҵкыс шәкы* урыцзар еиӷьуп.

• Ашәарыцаҩ бзиа цәыббын* ашәарах деихсуам.

• Чашәалада чашәара ацара иаԥсам.

• Баҩ злоу баҩ ифеит.

• Адгьыл уагьааӡоит, уагьафоит.

• Ахырџьара ахарҽхәара иамааноуп.

• Уаԥхьа узырҽхәази — ушьҭахьҟа узырџьази.

• Угәыҵәҟьагьы зны-зынла иацәуӡароуп акы.

#ажәаԥҟақәа

Азгәаҭақәа:

▫️Цәыббы́н (цәыббрамза) — ашәарах анеишьҭоу аамҭоуп, уи аҟынтә иреишәарыцомызт.
▫️Аԥсаса гәарҭак анеицу еихьԥшуеит, ргәархра иаҳа имариоуп, ҩба-хԥа хы раасҭа.
▫️Ауе́иба — ауаҩ беиа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 9
  • 👍 5
  • ❤‍🔥 2
Post #2228 199
Ажәа иазҟазаз ашәҟәыҩҩы хатәра, Аԥсны Жәлар рпоет, зхы-зыԥсы зегь аҭаны зус иаҿыз, аԥсуа литература иаҵәатәышьаҟоу арҿиаҩцәа дуқәа иреиуоу Витали Амаршьан диижьҭеи 85 шықәса ҵуеит иахьа. ⚜️

* * *
Аҵла хырхәоит, амахә шьҭасуеит,
Ҵаҟа еиқәылоит асырҳәы.
Сымҩахь ҭынчрам, аԥша асуеит,
Аха снеиуеит сымлаҳәы.

Снеиуеит, саԥхьа имардароуп,
Сышьҭахь иааиуа иргәаԥхо,
Сыграпара мҩа цқьахароуп,
Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо!..

1960

* * *
Са сахылҵит Аԥсынтәыла,
Аԥсынтәылоуп са сызԥоу.
Са саԥсыуоуп гәыла-ԥсыла,
Аԥсуа гәыцқьоуп исызҭоу.
Сыԥсадгьыл иаиур џьара цәҟьарсҭак,
Сыхәрабӷьыцхоит иаразы.
Иазыҟалар џьара шәарҭак —
Сыхиоуп бџьарҵас сыҭҟьарцы!

1962

* * *
Изықәшаз амза еиԥш адунеи сықәхеит,
Изхахәлаз амра еиԥш слашьцеит.
Убасҟак идуӡӡан уара усыгхеит,
Убасҟак уҵеи лашан усыԥхеит!..

Згәы хәу ажәлар срылагылоуп,
Рсиа сануп иҭахаз.
Дырҩегьых сызқәыӡыз ажәытәтәи стәылоуп,
Иароуп дырҩегьых сеиқәзырхаз!..

1992

АИДАШШЫЛАРА
"Уаргьы саргьы ҳаблит, дад..."
Шь. Инал-иԥа


Уаргьы саргьы ҳаблит ҳәа соуҳәеит,
Уаҳа иацумҵеит ажәак.
Акырынтә азхәыцтәыс исоухьеит,
Гәанылагьы иҟасҵахьеит аҭак:
Ҵабыргуп, ҳаблит, ҳаццышәхеит,
Ҳаблит, ҳаццышәхеит — ҵабыргуп.
Аха ҳаццышә ахькаԥсаз ишәҭышхеит,
Ацәашьеиԥш иххаӡа иакуп!..

1994

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 8
  • ❤ 3
  • ❤‍🔥 2
Post #2226 287
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз асахьаҭыхҩы, аимпрессионист Заур Аџьба.

Аҟазара гәыхәс изҭахыз, уи аизҳазыӷьара зылаԥш ахыз, иагьалахәыз иакәын. Аԥсуа Ван Гог ҳәа иарҳәон.

Заур Аџьба Аҷандара диит. Абаҩхатәра злаз ҿыханҵаҩын, иналукааша аихьӡарақәа иманы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит. Раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа, 23 шықәса анихыҵуаз. Аԥсны асахьаҭыхцәа реидгыла далан, қәҿиарала аус иуан. Хара имга дрыдыркылеит Асовет Еидгыла Асахьаҭыхцәа реидгылахьгьы ирҿиаратә ҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны.

Атәыла ду ахьӡала еиҿкаахоз аусмҩаԥгатәқәа рахь днарыԥхьон. Изныкымкәа Европа дцахьан. 1990 шықәсазы Австриа имҩаԥысуан Ван Гог ишәышықәсахыҵра иазкыз ацәыргақәҵа, ари ахҭыс ҟазак иаҳасабала далахәын аԥсуа импрессионист Заур Аџьба.

1992 шықәса, ԥхынгәымзазы, аибашьра алагара мчыбжьқәак шагыз Санкт-Петербург имҩаԥысит асахьаҭыхҩы хаҭалатәи ицәыргақәҵа.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Гагра аӷа имызхыз дреиуоуп, анаҩс деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҟны. Ажәылара дуқәа дрылахәын. Изныкымкәа дырхәхьан. Иахьшәны, имшира аҽны, Аҟәа ахақәиҭразы хацәнамырхала ажәылара анцоз ахәра ӷәӷәа иоуит. Иԥсҭазаара далҵит аиааира мышқәак шагыз, цәыббра 25, 1993 шықәсазы. Ианашьоуп Леон иорден.

Заур Аџьба шәыга лашала иҭихуан аԥсабара, анатиурмортқәа, ауаа рсахьақәа. Аибашьраан дахьӡаны иаԥиҵеит ицеибашьуаз афырхацәа рхаҿсахьақәагьы — Аԥсуа ар асолдатцәа, ҳажәҩахыр зырӷәӷәаз нхыҵтәи ҳашьцәа.

2013 шықәсазы, Аԥсны ахақәиҭра 20 шықәса анахыҵуаз, Аҟәа еиҿкаан Заур Аџьба инеиҵыхыз ицәыргақәҵа. Уи алыршаразы иара иԥшәмаԥҳәыс адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә, ауаа рхатәы коллекциақәа рҿы ирымаз исахьақәа еизылгеит.

Афырхаҵа имра ҭашәом. Абас ануп Гәымсҭа ахықәан икыду Заур Аџьба имемориалтә ҭӡы. Хашҭра иқәымзааит бзанҵы!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 8
  • 👍 3
  • 🙏 2
Post #2225 295
Цәыббрамза 17, 1846 шықәсазы Лыхны иҟаз Аԥсны аҳцәа раҳҭынраҿы диит аҵеи — Ҳамыҭбеи иԥа Гьаргь Чачба. Аҳ иԥа Гьаргь диижьҭеи сынтәа 180 шықәса ҵуеит.

Зыжәлар ҵәатәы шьаҟаны ирызгылашаз, аха инагӡаны зымч дмырхаз, XIX ашәышықәсазы аԥсуа интеллигенциа иаарылукаашаз ахаҭарнак — апоет, апублицист, адраматург, аурыс ар рафицар.

Гьаргь хәыҷы агәырцҟәыл бзиа змаз ҷкәынаны изҳауан. Аа-шықәса ихыҵаанӡа иаб иаҳҭынра дааӡеит, уи длааӡон зан д-Маршьанԥҳаз, аԥсшәа бзианы издыруаз Кьесариа Дадианԥҳа, абжьыуатәи Чачаа рҭаца. Далгеит иҿырԥшыгаз Қәҭешьтәи агимназиа, уи анаҩс адиутантс дрыдыркылоит. Заамҭазы аҵара ду змаз аӡә икәын (аҵара иҵон Петербург, Париж), зҭеиҭԥши зыхныҟәгашьеи уаршанхоз аристократын.

Гьаргь Чачба ихатәы бызшәа цқьаны иҳәон, атәым бызшәақәа рацәаны идыруан (аурысшәа, аҭырқәшәа, ақырҭшәа, англыз, афранцыз, анемец, алатин бызшәақәа). Аԥсшәа шидыруаз атәы азгәеиҭон апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа, уи атәы иҳәоит иара иԥсҭазаара ҭҵааны астатиа ду зыҩхьоу ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба. 1866 шықәсазы Лыхнытәи ақәгылараан Шамы Уасман иажәахә еиҭазгоз дреиуан Гьаргь Чачбагьы.

Арԥыс 18 шықәса ихыҵуан Аԥсны аҳра анаԥырхуаз, дышқәыԥшӡаз ихьӡеит аԥсуаа рзы ишьаарҵәыраз аамҭа џьбарақәа, ахҵәара. Иуаажәлар рхьаа ихьаан, аха цхыраара дук риҭартә дзыҟамлеит — хаҭалагьы иԥсадгьыл дахыбаан, жәашықәсала дахган. Гәхьаагарыла иҭәын иԥсҭазаара зегьы, иҭахын дыҟазарц иахьиҳәало иабацәа рашәа "Уарада". Аԥсны ашьапақәыргылара азин иоуит абыргхарахь деихоны, 1905 шықәсазы, дынхон Аҟәа, алитература инапы алакын, ақыҭақәа дрылсуан, ауаа рыԥсҭазаашьа дазҿлымҳан.

Гьаргь Чачба ирҿиара иагәылжжуеит ижәлари иԥсадгьыли рахь имаз абзиабара, уи ипоезиа ссирӡан. Аҭоурых иацәынхаз иҩымҭақәа рыхәҭак роуп (урысшәалеи, қырҭшәалеи, францыз бызшәалеи иаԥиҵаз), аха иҟоуп агәаанагара аԥсышәалагьы дыҩуан ҳәа. Еснагь ҳҭоурых иачычаз ақырҭқәа рнапала иӡзар ауан урҭ — 1918 шықәсазы аменшевикцәа иҩны дырҳәын, иҩымҭақәа еилыԥшааны ирблит, еизигоз иабацәа Чачаа рархив дырӡит.

Аҳ иԥа Гьаргь иԥсҭазаара далҵит 1918 шықәсазы, дыззыгәдууз ижәлар рахь ауасиаҭ ажәа ааныжьны. Иара дшаҳәахьаз ала, изқәаҭыԥ ылырхит иани иаби рывараҿ, Мықәтәи аныхабааш аҩнуҵҟа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 10
  • 💔 4
  • ❤ 2
Post #2224 296
Аҳҷыԥсаа ирҳәамҭаны

• Алеишәа ашьапы ахьԥырҟаз Аԥсноуп.

• Аҳҷыԥсы — аԥсуа леишәа иагароуп.

• Леишәала аҳҷыԥсаа, хаҵарыла ҵабалаа.

• Алеишәа џьыкала иаархәаӡом, уцәа иалазароуп.

• Аиҳабы ииҳәаз аныуулак ауп алеишәа аныҟало.

• Аԥсышәала иуҳәаз, улеишәа ахьысҳахара аназааугалак, иуҳәаз уаԥсышәа ԥхасҭас иҟауҵеит.

• Аԥсышәа аӷаџыҳәа изҳәо ауаҩы илеишәаҿгьы дразызар ауп.

• Алеишәаҵара Ҭәахы ицон. Ҵарҭаны иахьыҟаз Ҭәахы акәын.

• Аԥсуа имца раԥхьа Ԥрыскьылаа иргеит.

• Ажәытә ԥсыуаа аҳәсақәа рҿын ус рҳәон, даара агәаӷьра змоу Гәашьаны́са рҳәон. Гәашьаныса ануҳәалаакы аԥсуараҿы, уи илеиҳау аԥҳәыс дагьыҟаломызт. Абзиара зегьы уи илыҵакын, аҟазара зегь ла илыҵакын.

Ахыҵхырҭа: Алина Ачԥҳа "Асаӡқәа рцәажәашьеи рыхдырреи ирызку азгәаҭарақәак", Москва, 2010; афото — аҵарауаҩ лархив аҟынтә (аҳҷыԥсаа, ақыҭа Цхьынара)

Азгәаҭақәа:

▫️ "Алеишәа" ҳәа хыхь зыӡбахә ҳәоу Аԥсуароуп.

🧩 "Гәашьа-ныса"
цәажәоит "Саҭанеи Гәашьа лҭацацәа" ҳәа. Аԥхьан ҳазлацәажәоз, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииӡбыз ажәеицааира сахьарк "Гәашьа лхьыԥҳар" иашьашәалоит ҵакыла.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 12
  • 👍 6
  • ❤‍🔥 4
Post #2223 296
Ари адунеи наӡаӡа инлыжьит Заира Ҵәыџьԥха, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист. Каламԥынҵала зыуаажәлар рымаҵ зуаз, здырреи, збаҩхатәреи, злеишәеи ыҟаз. Аиаша дацын, аиаша мҩаԥылгон. Лзанааҭ аҿы еицамкуа ахьӡ лчаԥеит. Лнарцәымҩа лашазааит! Лыԥсаҭа бзиахааит! 🙏🏻

***

УАҴӘЫНӠА

Еибаҳҳәоит: — Бзиала уаҵәынӡа,
Ҳаиԥырҵуеит нас хаз-хазы.
Иаакылсуеит аҵх лашьца ҭынчӡа,
Ӡхыҵроушәа ҳагоит хәыҷ-хәыҷы...

Дыҟами изаԥымлаз ашара,
"Уаҵәынӡа" ҳәа ҳаҳәаны ицаз;
Изагәылымсыз аҵх лашьцара,
Амра уаҳа изымбаз!..

Дҟамлааит ҳабжьара қәрахьымӡа,
Адунеи иара усгьы иуаароуп.
Бзиала, нас, сҩыза, уаҵәынӡа,
Уаҵәынӡагь ҳамҩа хароуп!..

Витали Амаршьан


#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 6
  • 🙏 6
  • 💔 1
Post #2222 293

Forwarded from Sputnik Аԥсны

Аԥсуаа ҳчараҿ аҭаца дрыман агәараҭа ианазааигәахоз дәыкаҿ акәын иахьхысуаз, аҩны иавагылан, ауаазегьы рыгәҭа акәмызт ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, асахьаҭыхҩы, аҟаза Нодар Ҵәыџьба.

"Уи аҭаца дрыман аҩны ишазааигәахоз атәы аҳәон. Иахьа зегьы еилагоуп, азымдырра ауп изыхҟьо", — ҳәа азгәаиҭеит Ҵәыџьба.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иара убасгьы иҳәеит, аԥсуа рҿы "иҟалоит-иҟалаӡом" акәымкәа, ԥхашьароуп, ихьмыӡӷуп ауп инызкылоз, иакәымыз дызмырҟаҵоз ҳәа.

"Урҭ ажәақәа иахьагьы амч рымоуп. Уи еилызкаауа дыбжьадырӡуам", — иҳәеит Sputnik асас.
#social
  • ❤ 10
  • 👍 6
  • ❤‍🔥 3
Post #2221 352
Еицырдыруа аԥсуа композитор, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирижиор Ражьден Гәымба диижьҭеи иахьа 100-шықәса ҵуеит (1926 - 2007).

Ашәа аԥҵара иазҟазаз, жәлар рбаҩхатәра злаз арԥыс диит-дааӡеит Дәрыԥшь ақыҭан. Уи иабду Мамсыр Гәымба аҷкәын агәырцҟәыл шилаз ибон, Тәанихәа аҳаблаҿы хәылбыҽхала абыргцәа ахьааидтәалоз дигалон. Уа алахҿыхра ыҟан, ишәаҳәон, икәашон, ажәытә ажәабжьқәа еиҭарҳәон. Урҭ зегь даара дрызҿлымҳан Ражьден дышхәыҷыз, еиҳаракгьы афырхаҵаратә ашәақәа. Иаҳауаз гәникылон, инарҵауланы еиликаауан зыӡбахә рҳәоз аԥсуа ламыс, аҵасқәа, ахьӡ-ахьымӡӷ, аԥсадгьыл абзиабара уҳәа.

Дук мырҵыкәа абыргцәа раԥхьа днагыланы, дара ирҿиҵааз ашәақәа хорк еиԥш идирҳәо далагеит. Ашкол аҿгьы убас, 10-ҩык рҟынӡа злахәыз аҵаҩцәа рхор еиҿикааит. Урҭ идирҵон ажәлар рашәақәа реиԥш иара ихатә аԥҵамҭақәагьы. Абарҭқәа рыла Ражьден Гәымба дышқәыԥшӡаз Ашәа бзиа ибеит, иԥсҭазаарагьы изацрымго иахәҭакхеит.

Раԥхьаӡа амузыка аԥҵара даналагоз, анотақәа издырӡомызт, иагьимбацызт. Иара ихатә дыргақәа ихәыцит, урҭ ихы иархәаны иаирҳәон зынӡа имариамыз "Гәдиса иашәа", "Ахра ашәа", "Ахәрашәа", убас ихатә ашәақәагьы.

1947 шықәсазы Ражьден Гәымба дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Убри инаркны апрофессионалтә ҵара змаз ҟазак иаҳасабала дшьақәгылеит.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Ражьден Гәымба жанрлеи тематикалеи еиуеиԥшым амузыкатә рҿиамҭақәа рацәаӡаны иаԥиҵеит. Илшеит ажәлар ргәаҟынӡа анеира, рдоуҳатә мал аихаҳара. Иаԥҵамҭақәа зегьы гәаҭас-шьаҭас ирымоуп афольклортә мелодиақәа, амилаҭ цәа рхуп, ажәлар рхатәеиԥш ирыдыркылон. Иашәақәа "Сыхаара сыԥсадгьыл", "Иааирума", "Кәачала", "Ауардын", "Рада снарҳәоит" реиԥш иҟоу иаразнак ижәлартәхеит, абиԥарақәа еимырдо иааргоит, бзиа ирбоит. Иара ихаҭагьы зегьы бзиа дырбон, уаҩышьала, ҟазшьала, иаамысҭашәашьала, иҭеиҭԥшлагьы иаарылукаауаз дыруаӡәкын. Ражьден Гәымба ирҿиаратә ҭынха ԥсра-ӡра ақәым, ихьӡ Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа иахуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 9
  • ⚡ 3
  • 💔 3
  • ❤‍🔥 2
Post #2218 263
Иахьатәи Гал уаҩ дызхымыз бнаран, адгьыл рыцкьаны ашырҭа анхитуаз Ҭлабӷан Қьецба — ақәраду нызҵыз аԥсуа нхаҩы, ашәарыцаҩ, ажәабжьҳәаҩ. Диижьҭеи 220 шықәса ҵит сынтәа.

Изларҳәо ала, иара диит хараӡа иҳаҩсхьоу 1806 шықәсазы, усҟан Қьалышьбеи Чачбагьы иԥсы ҭан. XIX ашәышықәса аилаҩеиласрақәа зегьы дырхаанын, XX-тәи азбжаранӡа днеирц егьааигымхакәа идунеи иԥсахит 1943 шықәсазы, уаҳа чмазарак ицәа иаламшәаӡакәа, 137 шықәса дшырҭагылаз!

Анкьа агәабзиара рацәан ҳәа иҟоу агәаанагара шҵабыргу агәра угоит абас иҟоу ансымыҩақәа уанрызхьаԥшуа. Ҭлабӷан Қьецба аӷьараҳәа иҟаз хаҵа ӷәӷәан. Ашьамхы џьбара зҵаз шьханыҟәан, дшәарыцаҩ дуун, ҩымш-хымш ныҟәа ҽнак ала дахысыр илшон (80-90 км).

Аҭоурых аҿы ихьӡ аанхеит Гал анхарҭа ашьапы зкыз иакәны. Имхы азааигәара аҩны иргылеит, ԥҳәыс дааигеит, анхамҩа ԥшӡа еиҿикааит. Акы дазрыцхамкәа ихы ныҟәигон, аԥхын адгьыл чашәра дықәаарыхуан, аӡын ишәақь аакныхны дахьынҭыҵуаз Ажәеиԥшьаа дирчон. Ибаҳча шәыр агмызт, ажь иааӡон. Ауаа игәылара ргәаԥхо, хәыҷы-хәыҷла иааны иванхо иалагеит. Ус-ус аиланхарҭа шьақәгылеит.

Ауаҩы иажәра иҿара ианысуеит рҳәоит. Ҭлабӷан Қьецба 60 шықәса ихыҵуан аҭаацәара даналалоз. Хәҩык аԥҳацәеи, ҩыџьа аԥацәеи ихылҵит, ажәымҭа шкәакәа ззырҳәо, ахылҵ-ԥылҵ рыла деиҵаҩҩы дыҟан, имоҭа-шьмоҭацәа шәҩык инареиҳауп.

Шәышықәса данырҭысгьы аҳаиҭ-қәиҭ бзиа змаз абырг, иҩба хԥамхацызт, ихара ааигәамхацызт, ашәаҳәара, акәашара илан, ауасҭара инапы иадыруан, ауаа рҿы дахьнеилак ахәыҷы-аду идеизалон, иажәабжьқәа ирзыӡырҩырц. 1940 шықәсазы иҿцәажәоз аҵарауаа ихәыцшьа џьаршьеит, иҿаԥыц адагьы, ихшыҩ еилшәара шамамыз, игәалашәоз ахҭысқәа нҵәара шрықәмыз азгәарҭеит.

Гал қалақьны иҟалеижьҭеи 93 шықәса ҵуеит, уи иалсуа амҩадуқәа руакы Ҭлабӷан Қьецба ихьӡ ахуп. Ибаҟа аргыларазы агәҭакы ыҟоуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 9
  • ❤ 5
  • ❤‍🔥 4
Post #2217 298
Ахьыуардын аԥхьаҩцәа иаҳзаарышьҭыз асахьаныҟәа. Шьхалбаан — ахҭыгәлаҩ иблала. Аԥсаса рахә еизырцан, ашьха агәы ааныжьны, ақытақәа рахь илбаарцоит. Ашәаԥыԥаџьаԥ уажәыгьы ииаҵәаӡа иҟоуп, аха ахьҭа аҿалахьеит. Ари ҭыхуп Аԥсны аҩада-мрагыларахьтәи аҳәаа азааигәара, Сакьан. Ажәытәӡатәи аԥсуаа рышьхацамҩақәа руакы ианыланы иаауеит уажәы, "рреит-рреит" ҳәа аԥсҭақәа ҭырцәажәаауа. Еиҳа гәарышәхааит, арахәааӡаҩцәа!

• Шьхалба́ан,
• Шьхахынҳәы́н,
• Шьхы́ҵын,
• Рахәе́илцан,
• Рахәе́изцан

#асинонимқәа

Асахьаныҟәа: Амина Лазԥҳа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 10
  • 👍 7
  • ❤‍🔥 3
Older posts →

About this channel

How can I read @apsua_sputnik without a Telegram account?
TGViewer shows the public web preview Telegram publishes for Ахьыуардын: recent posts, photos, videos and the subscriber count, with no app, login or account.
How many subscribers does Ахьыуардын have?
Ахьыуардын (@apsua_sputnik) has 1.24K subscribers on Telegram, refreshed roughly every 30 minutes.
Does Ахьыуардын know I viewed it here?
No. Public channel previews carry no viewer identity, and TGViewer has no accounts or tracking of what you look up.
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →