* * *
Аҵла хырхәоит, амахә шьҭасуеит,
Ҵаҟа еиқәылоит асырҳәы.
Сымҩахь ҭынчрам, аԥша асуеит,
Аха снеиуеит сымлаҳәы.
Снеиуеит, саԥхьа имардароуп,
Сышьҭахь иааиуа иргәаԥхо,
Сыграпара мҩа цқьахароуп,
Уаҩ ирҿиазоуп иҭынхо!..
1960
* * *
Са сахылҵит Аԥсынтәыла,
Аԥсынтәылоуп са сызԥоу.
Са саԥсыуоуп гәыла-ԥсыла,
Аԥсуа гәыцқьоуп исызҭоу.
Сыԥсадгьыл иаиур џьара цәҟьарсҭак,
Сыхәрабӷьыцхоит иаразы.
Иазыҟалар џьара шәарҭак —
Сыхиоуп бџьарҵас сыҭҟьарцы!
1962
* * *
Изықәшаз амза еиԥш адунеи сықәхеит,
Изхахәлаз амра еиԥш слашьцеит.
Убасҟак идуӡӡан уара усыгхеит,
Убасҟак уҵеи лашан усыԥхеит!..
Згәы хәу ажәлар срылагылоуп,
Рсиа сануп иҭахаз.
Дырҩегьых сызқәыӡыз ажәытәтәи стәылоуп,
Иароуп дырҩегьых сеиқәзырхаз!..
1992
АИДАШШЫЛАРА
"Уаргьы саргьы ҳаблит, дад..."
Шь. Инал-иԥа
Уаргьы саргьы ҳаблит ҳәа соуҳәеит,
Уаҳа иацумҵеит ажәак.
Акырынтә азхәыцтәыс исоухьеит,
Гәанылагьы иҟасҵахьеит аҭак:
Ҵабыргуп, ҳаблит, ҳаццышәхеит,
Ҳаблит, ҳаццышәхеит — ҵабыргуп.
Аха ҳаццышә ахькаԥсаз ишәҭышхеит,
Ацәашьеиԥш иххаӡа иакуп!..
1994
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа


