TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #2233 208
🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа)

Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доусы "илахь иаԥшны" иршон аԥсуаа — уи иаанаго, доусы иара ихәы имҵарҵон хаҭала. Иахьагьы аԥшәма иреиӷьу жьхәык аалхны асас идигалар ауеит, уи патуқәҵароуп. Ишԥаҟарҵоз ажьҵаа анырӡлак? Уигьы убас ирырҭозаарын ажәытәан — ашә сақәа, ма ашәырҟәыҷы абысҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵәы ишагәыларҵо еиԥш, иаразнак доусы ихәы инақәҵаны. Ашәҟәыҩҩы Заур Быҭәба еиқәиршәаз "Чаҵә Чагә ихҭысқәа" рҟны иаҳԥылоит абри атәы ахьиҳәо:

"Ҳаџьымаа аеҳәшьцәа асасдкылашьа уажә ирбазма, абысҭа ҵәиуа ирун рысасцәа надыртәеит. Усҟан ажьҵаа анырӡлакь, асас ибысҭа иақәҵаны имҵадыргылон, хазы асаан ианырымҵаргьы ҟалон. Ус зыҟарҵоз, асас ихәы иақәу иаҳа дацәыԥхамшьакәа ирацәаны ифоит, азеила саан иану ианганы аасҭа ҳәа иԥхьаӡан. Уи жәытәӡатәи ҵасын".

📖
Азе́ила саан — общая тарелка;
Аазе́ишәа, ма асасе́ишәа ду — вытянутый прямоугольный (гостевой) стол

Асахьаҿы: ажьҵаа амҵаҵашьа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа ресторан "Сылашара" аҟны

Асасдкылара иазку ажәаԥҟақәа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 8
  • ❤‍🔥 4
  • 👍 3
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  5. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
  6. Sep 22, 2026Ажәа иазҟазаз ашәҟәыҩҩы хатәра, Аԥсны Жәлар рпоет, зхы-зыԥсы зегь аҭаны зус иаҿыз, аԥсуа л…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →