Аԥсуа чеиџьыка аҷыдарақәак
Абыргцәа рҳәамҭа аҟынтә, ажәытә аԥсуа асас даниҭаауа иазкны ацә, ажә, абшьтәа, ақыжә (досу илшо) анишьуа дықәныҟәон абри еиԥш иҟоу аҵасқәа. Иршьуа аҳаиуан напыԥшқала икажьны иршьаҳауан. Нас мрагыларахь ахы рханы ишьҭарҵон. Изшьуа дныҳәа-ныԥхьаны ахәда хиҵәон. Иазгәаҭатәуп, ахәда иаҵеикаанӡа аҳәызба ихуан, нас мҿык инады́рха-аады́рхон (акәац зфо дбаҳа-бачуа дҟанамҵаразы). Ахәда ахсамҭа аԥсыԥ адәахьы иандәықәнаҵо иақәдыршәон. Зыԥсы цәгьоу ауаҩы ашьтәа идыршьӡомызт акәац агьама "иаԥырхагахоит" ҳәа иԥхьаӡаны.
Аԥыхьақәа раан чароума, ԥсхәроума ауаа аишәа ианахатәо аӡәаӡәала рхәы шаны акәац рымҵарҵон. Убри аан иацклаԥшуан досу иқәнагахаша ажьхәқәа. (Лахь уаԥшны кәац ша). Иаҳҳәап, асас дахь дтәоуп. Уи имҵарҵон ажьхәқәа рахь иаҳа пату змоу — ажәҩашәаҟьа. Уи иашьҭанеиуеит аԥылгдқәа. Дара урҭгьы хәшьарала еиҟарам ҳәа ирыԥхьаӡон.
Ашьҭахьтәи ашьапқәеи агәчами ахьеиларсу рҟны иҟоу аԥылгдқәа иаҳа ихатәроуп аԥхьатәи аԥылгды аԥымаҵә зларсу аасҭа. Аԥылгды иашьҭанеиуеит аварашыси агәчами.
Ажәытәан ажьыхәқәа асасцәа ианрымҵарҵоз рхы-рҵыхәа азгәаҭаны акәын ишрырҭоз. Ажәҩашәаҟьа, иахьаду ахыгьежьаарсҭа изымҵарҵо иахь идырхон. Аԥылгдқәа, урҭ реиҩҵәарсҭа (абаҩлашы ааԥшырсҭа) асас ишҟа идырхон. Егьырҭгьы иара убас. Аваршыс акәац хаауп, патугьы амоуп, аха х-вакьыцк азнымхар, ибжоуп ҳәа ирыԥхьаӡон.
Акәац фатәқәа рҟны зегь реиҳа ипатудоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, асас имҵарҵаргьы ԥхашьароуп, агәчам алахыси, аԥымаҵәи, нас ахәда. Аԥымаҵә патудоуп, аха ахы аҩаӡара аԥылгды иахьаларсу иҷыдашәа баҩык амоуп, ажьышәа аазныжьны ианхырҵәалакь, хәшьарала авакьыцқәа ираҟароуп.
Ахы-ахәда — ишәарахзар, зхымҭа иагаз изыршон. Егьыс асас иаҭәаршьомызт. Амаха, уигьы асас имҵарҵомызт. Аха пату амоуп алаба зыбжьалаз ԥсуаҵас реинаалараҟны. Ахара зду ԥшь-шьапык зҵоу акы шьны, ахьымӡӷ зыдхалаз ихәы ҟаҵаны, амаха наганы имҵаҵаны, иашьас дҟаиҵон. Уи ала еинраалон.
Ажәытәан ичароума-иԥсхәроума асас хатәра идтәалаҵәҟьоу ауаҩы дзусҭазаалакь, дзеиԥшразаалакь, асас иаҳаҭыр азы жьхәык имҵарҵон. Аишәачараҟны акәац ҳәызбала иамхны зхәы узҭарц зҭаххаз аҳәызба аҿы уара уахь ирханы иамихуан. Ихазы — аҳәызба аҿы иара ишҟа ирхон. Иԥсхәразар, аҳәызба аҿы адәахьы ирхон.
✍🏻 Жьужьа Ақаҩба ишәҟәы "Алаҳәақәеи акаԥкаԥи" аҟынтә
📖
Ажәҩашәа́ҟьа — лопатка;
Аԥылгды́ — середина бедра;
Аԥы́маҵә — голень (голяшка);
Аварашы́с, аварахы́ш, агәышԥы́ — грудинка
• Амахамҵаҵара аҵас шымҩаԥыргоз шәаԥхьар шәылшоит абра>>
• Асасхәы жьыхәҭақәа зегьы реиқәыԥхьаӡа ыҟоуп абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #2093
427

- ❤ 11
- 👍 11
- ❤🔥 2
- 😁 1