Шьхалбаануп. Уажәааны ашьамаҟа рахәи аԥсасеи рхәы еилыбзаауа, ацәа цқьа рханы, рымч, рқьаф ҭаҵаны, итәҩасуа, аԥсҭақәа ирҭаланы ақыҭақәа рахь илбаауа иалагоит. Ашьха илбааз арахә ԥсылоуп, уа иахьгәарырхуа аԥхынҳәырҭақәа рҿы рыфатә меигӡарахда ирымоуп. Ус иҟоу адгьылқәа рзы ирҳәоит:
- Ашьхаҳәы́рҭа
- Ашьхача́рҭа
- Ашьхача́шәра
(горные пастбища)
◽️Ари шәазхәыцхьоума:
"Адгьыл чашә" (плодородная земля//почва) аҵакы ишиашаҵәҟьоу ачашә иаҳфо иадҳәалаӡам, ичашәуп иаанаго узырчо (узааӡо, круҿазҵо) ҳәоуп. Уи аҟынтә адгьыл ақәаарыхрагьы ианаалоит (ичашәуп - ибарақьаҭуп - иҟәымшәышәуп - аҽаҩра бзиа ҭугоит); арҳәырҭа бзиагьы ианаалоит (ичашәуп - арахә рзы афатә ду ҭажьуп).
🌽🍀 🐄
#асинонимқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #2204
285
Ахьыуардын Шьхацани шьхалбаани рыбжьара иҟоу аамҭа ахьӡ амоуп: Шьхабжаҳәы́н. Шьха-бжа-ҳәы-н – самый разгар выпаса в горах. Шьхаца́н даҽакала Шьхы́лан ауп (ашьхылара аҟынтә), Шьхалбаан даҽакала – Шьхы́ҵын (ашьхыҵра аҟынтә), мамзаргьы Рахәе́илцан. Абарҭ ах-аамҭак…


- ❤ 8
- 👍 4
- ❤🔥 2
- 🤗 1