TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #2040 519
🏔 1974 шықәсазы Очамчыра еиҿкааз ансамбль "Абрыскьыл" ахьӡхарц акәын — аԥхьа ус игәы иҭан Кәасҭа Ченгьелиа, аха ақырҭцәа ишырҟазшьаз еиԥш еицаркуа иалагон "Абрыскьыли" ҳәа. Уи аҟынтә, даахәыцын "Ерцахә" ахьӡиҵеит, усҟантәи аҩырала — Ерцаху. Ари узеицакуамызт, зегь рыла иаԥсыуатәны ишыҟаз инхеит.

Кәасҭа Ченгьелиа злаф ҵарыз уаҩы лахҿыхын, илахь еиқәны аламала дубомызт, ари аҭоурыхгьы иара ихаҭа еиҭеиҳәахьаз иреиуоуп.

***
Афырхаҵа Абрыскьыл даҽа хьӡыкгьы имазаарын аԥсуа фольклор аҟны — Ԥры́мца. Иаҳԥылеит Руслан Гәажәба еизигаз амифологиатә жәар аҿы. Даара исахьаркуп, аха уи адагьы, иҟалап, ашьаҭа акырӡа иҵаулазар.

Адауы амца ицәгара асиужет Нарҭаа репос ауп изтәу, Сасрыҟәа идҳәалоуп аԥсуаа ҳҿы. Аха Абрыскьыл ихаҭа, ишдыру еиԥш, Прометеи дишьашәалоит, ауаа амца дзырбаз, ирызҭаз. Афольклористцәа ишырҳәо ала, абра иҟалеит аконтаминациа — асиужетқәа реилалара.

Ԥрымца, Хьымца — ԥсыуа хьӡы бзиақәоуп, аҿыц ԥсҭазаара рыҭара иаԥсоуп, иаҳҳәап, арккаратә проект ҿыцк ахьӡ иашьҭоу дыҟазар, шәрызхәыц🔥

#ахьӡқәа

Асахьа: нхыҵаа иртәуп

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 🔥 5
  • ❤ 4
  • 👍 4
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →