АԤСУА ӠӶАБЦӘА
Аӡәгьы иҟынтәи ишәыдмызт шәеибашьы ҳәа,
Абџьар шьҭыхны шәнеи, аӷа дышәшьы ҳәа…
Еиҭаҳәашьа змам акы шәыхнахит:
Шәеимаа ласқәа магәла ишәыԥсахит!..
Ҭацамаҭәан уаҟа шәбымба-кьаҿқәа,
Ахарантәи игәеиҭон аӷа урҭқәа!
Шәеиха-хылԥеи ишәкыз автомати,
Дыззыԥшымыз шәгәымшәареи шәзанааҭи!..
Мап ацәышәкит ааԥсара, ацәа,
Шәрывагыла шәеибашьуан ахацәа!
Шәрывагыла ашьхақәа шәырхысит,
Гәашьа лхьыԥҳар шәакәын –
Шәгәы мыҭрысит!
Иахьеиларҵоз, асакаса шәаҵа,
Деиқәшәырхон инажәгоз афырхаҵа!..
Даҽазных –
Ҽакала шәашьцәа шәрыхәон:
Усҟан урҭ ашәала ргәы шәырҿыхон!
Заҟаҩ шәхымҭа-камшәа иҭанархази,
Заҟаҩ рыхәра ҿашәҳәеи – еиқәшәырхази!..
Заҟаҩ ма шәыбжьара иҭахада,
Иныҵакны руасиаҭ-ажәа зарҳәада?
Сыҟанаҵ са сашәа урҭ ирзыҟоуп,
Сыҟанаҵ – рыԥс аҵаҟа сыԥсы ыҟоуп!
Аԥсуа ӡӷабцәа, аԥсуа имрахәага,
Игәыӷра-маӡа, имра лашарбага!..
✍🏻 Мушьни Лашәриа
#алирика
Асахьаҿы: Игор Смыр ичаԥамҭа "Аиааира аԥааимбарцәа"
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1965
575

- ❤ 11
- ❤🔥 5
- 👍 5