Иҟоуп ажәа "ахьырԥар", иҟоуп "ахьы́ԥҳар". Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иӡбеит, ихы иаирхәеит ари ажәа, ҳаибашьраан рашьцәа ирывагыланы, гәымшәарыла аӷа дыԥхьазцоз аҭыԥҳацәа ирызкны, инаҵшьны дара рлагала алкааразы. Саҭанеи Гәашьа лхьыԥҳар — уамакала исахьаркуп, иагьҵабыргуп изыхҳәаау рзы.
Лыԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, иахьа лықәраныҳәа лыхьӡон афырԥҳәызба Раиса Кәырыкьԥҳа — "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ занашьоу аибашьҩы, амедеиҳәшьа. Дыҟам ҳтәылаҿы иззымдыруа ешыратәи ари аҭаацәара рҭоурых. Аӷа иҿагылан цәак-жьык иалҵыз аишьцәа ҩыџьа, аиҳәшьцәа ҩыџьа; аԥшьҩыкгьы рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Светлана Кәырыкьԥҳа 1994 шықәсазы Гал араион дҭахеит, Раисеи ҩыџьа лашьцәеи (Славик, Иура) — аибашьра адәаҿы.
Раиа 26 шықәса лхыҵуан, дҭаацәарамызт. Қәаршыҩҵас иаауазаргьы, ахы даҿагыланы ахәцәа алылгон, иҿалҳәон. Ианартәи, Марттәи ажәыларақәа раан 60-ҩык инареиҳаны аибашьцәа рыԥсы дахәеит. Агәымшәаразы амедал ланашьан, лхаҭагьы дырхәхьан. Лыԥсҭазаара ҿахҵәеит Ԥхынгәымзатәи ажәылараан, Ҳабҩықә ашьха, луалԥшьа шыналыгӡоз. Лара дҭахеит, аха иҟоуп лыхьӡ казмыршәуа Аԥсны. Ԥсоу-Егры амҩаду ушану Ешыраҟа убжьалозар, ақыҭа агәы иалган уназго амҩа Аԥсны Афырхаҵа Раиса Кәырыкьԥҳа лыхьӡ ахуп. 🏔
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1964
500

- ❤ 12
- ❤🔥 5