TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #2239 148
Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагылоуп ҳаԥсадгьыл! Еиқәхоуп, иӷьацоит иҿыцӡоу аҭоурых аҟны зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны! Аԥсуаа аханатә рхы зқәыркуаз аиааира акәын — рхықәкы нарыгӡеит, хшаҭарак ҟамҵа, афырхаҵара ду аарԥшны Аԥсны ахьӡ адыргеит. Шәадныҳәалазааит жәлары зегьы рзы иԥшьоу абри амш!

Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу аветеранцәа! Нагӡара ақәзааит иаҳзышәхьчаз ҳаԥсадгьыл!

Ԥсра рықәым зшьам зхы ақәызҵаз аҵеицәа! Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит ари амш ҵабыргхартә иҟазҵаз зегьы, ҳаԥсеиқәырхаҩ-ҳԥыза Владислав Арӡынба аԥхьа днаргыланы!

Анцәа ҳазшаз уаҳа еибашьра алакҭа иҭамырԥшааит ҳажәлар. Адунеи аҿы бзиарас иҟоу аԥсуаа рзы иҭаршәны ишԥаҵәахыз рҳәо иҟалааит! Аизҳазыӷьара, аҿиара, аҭышәынтәалара иртәызааит Аԥсны, ажәлар ԥшӡаны, рҳәоу еиқәшәаны, гәырҩада иччо-ихәмаруа инхаларц. Шьардаамҭа!🗡

Ҳиааира афырхацәа ҳрызгәдууп ҳара,
Ҳҭынчра афырхацәагь ҳаргароуп хара.

Вахтанг Аԥҳазоу


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 8
  • ❤‍🔥 2
  • 👍 2
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  4. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  5. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  6. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →