TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #2241 70

Forwarded from Sputnik Аԥсны

Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьҩы иан Цира Гәынԥҳа.

"Урҭ ирдыруан, дара ҭахаргьы Аԥсны шәҭыкакаҷуа ишыҟалоз. Ргәыӷрақәа бжьамӡааит", — лҳәеит лара.

🖇 Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны ианақәла, аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылеит. Аибашьра цон 413 мши-ҵхи. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, шәҩыла аҭынч уааԥсыра. Ҳажәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иргаз Аиааира иамшуп иахьа.

33 шықәса ҵуеит аԥыза иаша
Владислав Арӡынба заԥхьа дгылаз ҳаԥсадгьыл аҵеицәеи, зыжәҩахыр ҳадызҵаз ахатәгәаԥхаҩцәеи, ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи ақырҭуа мпыҵахалаҩ ҳадгьыл дықәырцеижьҭеи.
#social
  • ❤ 3
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  2. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  3. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  4. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  5. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  6. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →