TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #2237 135
АЏЬАБАА БАША
(иҟалахьоу ажәабжь)

Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаибадырит аҭоурыхдырыҩ, аҵарауаҩ Вианор Ԥачлиеи сареи. Лассы-лассы икабинет ахь снеилон, игәалашәарақәа сырзыӡырҩлон. Акыс иара убас дажәабжьҳәаҩ бзиан, еиҭеиҳәоз зегьы рыԥсы рхан.
— Усҟан, абри уара уеиԥш сыҷкәынан, — дналагеит ҽнак, игәалашәарақәа сеиҳәарц саниҳәа. — Аԥсны дааит ақырҭуа ҵарауаҩ, афальсификатор Ԥауле Ингәараҟәа. Уи, иуаҳахьазар акәхап, аԥсуаа ақырҭцәоуп ҳәа иҳәон, ишьақәирӷәӷәарцгьы ихы иаимырхәоз ҳәа акгьы ыҟамызт. Ишысҳәаз еиԥш, Аԥсны дахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны Лыхнытәи ашкол ахь дцаны ибарц, арҵаҩцәа дрыҿцәажәарц иҭаххан, уахь иныҟәараан сара сицырҵеит. Мап кышьа сымамызт, сицны сцеит. Ӡынран. Ашкол ашҭа ҳаақәсны, аҩналарҭа ҳнадгылон еиԥш, аҵәҵәа ааҟалан, хәыҷ гәарҭак аӡхыҵреиԥш иааҳажәлеит. Аха, аиҳабацәа ашә ҳшылагылаз анырба, рхылԥақәа аархырхын, рҽыриашаны иаагылеит ахәыҷқәа. Ингәараҟәа ҿымҭӡакәа акраамҭа урҭ дрыхәаԥшуа дгылан, нас — уаала, ҳахьааз ҳцоит, — иҳәан, даагьежьит. Сара иҟалаз сзеилымкаакәа, исызимҭаз азҵаара сыбла ихыҳәҳәыла снеизыԥшит.
— Сара баша схы сыргәаҟуеит. Арҭ қырҭцәаӡам. Иқырҭцәазҭгьы иааҳажәланы ҳкарыжьуан, — иҳәеит, игәы каҳаӡаны.

✍🏻 Енвер Ажьиба

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 7
  • ❤‍🔥 2
  • ❤ 2
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  2. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
  3. Sep 30, 2026Иахьа аашазар ақәа леиуеит Аԥсны, аха ицқьоуп ҳара ҳажәҩан. 33 шықәса Аиааира абираҟ ахагы…
  4. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  5. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  6. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →