TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #1326 970
Шәазхәыцхьоума, аԥсуаа "ихаам-ишшам" ҳәа ззырҳәо аҵаа згу афатә ауп. Аџьыка — ауаҩы иидырыз раԥхьаӡатәи архаага акәын. Иҵа́ауп иаанагон ихаауп (вкусно), абжьыуатәи адиалект аҿы ари ажәа еиҳагьы ҵакыла иҿиеит: ихаауп = излоуп. Аха иџьашьатәӡам, ус ҳара ҳҿы адагьы иахьыҟалахьоу ыҟоуп.

Аурысшәаҿы, иаҳҳәап, ажәақәа "соленый" "сладкий" шьагәыҭк еицрыман, аҩбагьы анкьаӡа зны аџьыка иахылҿиааит (праиндоевропейский корень sal - соль), "солодкий" рҳәон аславинцәа азларазы, уигьы хаауп-тәа. Аха аџьыка анцәырҵуаз аамҭақәа рзы ауаҩы ашьақар зынӡа иҿахьы иааимгацызт, иааидкыланы афатә хкқәас иҟаз маҷын. Нас азлара агьама аниба, ахаара иазикхьаз ажәа уахь ииасит.

Ачыс егьа ибзианы иҟаҵазаргьы, ҵаарада ихаахаӡом — ажәаԥҟа.

Аԥсшәаҿы аџьыка иахҳәаау ажәаԥҟақәеи афразеологизмқәеи реиҳарак ажәытәӡахь ухьадырԥшуеит, ӷбала ианааргоз, ашыци ацхеи ианаҭнырԥсахлоз ашәышықәсақәа рахь, акыргьы ирацәоуп дара. Уи аҟынтә ажәа ахаҭа аԥсышәа цқьоуп уҳәаратәы иҟоуп (аҭырқәшәаҿы иашоу азы "acı" (аџьы́) рҳәозаргьы).

• Џьыкала иааухәама? — "абас ахә зуки", акы зҭиуа ахә анирцәгьалак азы;

• Аԥсаҭеи аџьыкаци ҳəа дцəажəоит — иашала, қәнагала иажәа иҳәоит;

• Аԥсаҭеи аџьыкеи реиԥш еинаалоит
— арԥызбеи аԥҳәызбеи еизшоуп;

• Аџьыка ршо џьышəшьома? — ауаа абашазы ианеизалак лафшақә ирарҳәо;

• Џьыкаагара дцеит — иԥсҭазаара далҵит;

• Аџьыкаӡырӡ еиԥш иркит — акы иаднахалаӡеит;

• Абырг аџьыкац даҩызоуп — дыӷәӷәоуп, игәы бзиоуп;

• Уи иџьыкахə уаҩы ифом — уи аӡәгьы диҭахым, дуаҩы хәымгоуп, ичеиџьыка рфом;

• Ихы аџьыка ықәихит — аџьамыӷәа цәгьа ибеит.

Ажәахырҿиааралагьы ибеиоуп: аџьы́ка (соль), аче́иџьыка (хлеб-соль), аџьыкаӡы́рӡ (рассол), аџьыкҵәа́ҵәа (соль, перетертая с чем-ниб.), аџьыкахы́ш (белоснежная соль), аџьыкахәы́ԥхь (молотая соль), аџьы́кац (крупинка соли), аџьыкаҟəа́л / аџьыкаԥа́л (кусковая соль), апырпылџьы́ка (букв.: "перечная соль"), ахәсхәаџьы́ка (аджика из пряных трав). Аҵыхәтәантәиқәа ҩба акыр еиҳа ихьшәоуп.

• Ахәшә ахьыҵырхуагьы аџьыкац ыҵарыԥсоит — иахьанӡа иааз ари ажәаԥҟа ажәлар рмедицина иадҳәалоуп, ихәшәу аҵиаақәа ахьыҵырхуаз џьыкацк ҭадыршәуан, "Адгьыл Аҳкәажә быхә баҳҭеит" ҳәа. Избанзар хәыда-ԥсада ахәшәтәра амч амам ҳәа иԥхьаӡан, уи аџьыка цыра "ахәшәԥса ма ахьаҷаҷԥса" ахьӡын (шәахә. Светлана Наҷҟьебиа лмонографиа).

Афразеологиа аҿырԥштәқәа ааҳгеит Владимир Касланӡиа "Аԥсуа-аурыс жәар" аҟынтә.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 15
  • 👍 7
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →