Диоскуриа ҿиаанӡа иара аҭыԥан аиланхарҭа ду шыҟаз дыршаҳаҭуеит акыс ажәытәӡатәи аџьыкаршра ашьҭақәа. Археологцәа Аԥсны агаҿы иаадырԥшыз аџьыкаршыга маҭәахәқәа (текстильная керамика) ихьшәоу аџьаз шәышықәса иатәуп. Еиҳарак ирацәаны ирбеит Аҟәа, нас Ешыра, Очамчыра, Афон ҿыц.
Ҳера ҟалаанӡа 3000-2600 шықәсқәа рзы, абырзенцәа ара ишьақәтәаанӡа, аҭыԥантәи ауааԥсыра нхон-инҵуан, мшынла иныҟәон, адгьыл иқәаарыхуан, арахә рааӡон, исуан-ихахон, ижьиуан, акыц рӡуан, аџьыкагьы дыршуан.
Алшықәсанык ирызхаша аџьыка ҟарҵон аԥхынразы, аарҩарақәа раан, аԥхын мзаҩала ианиасуаз. "Аӡ иахшаз, мрала иааӡоу, зан дызбар иԥсуа" — аџьыка иазку ари ацуфара даара акрахыҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Амшынӡы рытҟәон, амра ақәшуа акыр иҭадырбон, нас акыц иаҳәа иҭаҭәаны амца аҵадыршуан. Уахгьы-ҽынгьы агәгәаҳәа еиқәын аганхацәа рымцақәа. Қәак леир риаҳәақәа злахырҩозгьы рыман, еихых-еиҵыхны ақьалақәа дыргылон, аха уи аџьыкаршцәа рџьабаа даҽа џьабаак ацнаҵон.
Аџьыка зҭахыз иааны иргон нышьла, уардынла. Шьхала илбаауан егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы, агауаа рзы имаҭәахәыз акы иаҭныԥсахланы аџьыка рыхәҳауан. Анаҩс Диоскуриа ианасакьаҳәымҭаха, амшын-нырцәынтә аџьыкахыш аарго ианалага, аҭыԥантәи аџьыкаршра еиԥхьбеит. Убас егьырҭ анаплакқәеи анапҟазареи атәым нырра рыхҭыргеит.
Аԥсуаа ажәытәан аџьыка шдыршуаз убла иаахгылартә, уԥынҵа иааҭасыртә дахцәажәеит Дмитри Быҭәба иҭоурыхтә роман "Амшмыхәла" аҟны. Ароман хазы шәҟәны иҭыҵит 2018 шықәсазы, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иагьазикит автор.
"Аҟәараҿы ишьҭаз адгьыл ҭаҳараҿ, амшын иаваҵаны иҟаҵаз ажрақәа дрыхәаԥшуа дахьнеиуаз иџьаишьон абас зларӡбазеи ҳәа. Ажрақәа зегьы еимаздоз хазы даҽа жра дук амшын иалырсын, устәиала амыжьӡы ҭаланы нас егьырҭ ажра ссақәа рахь инеиуан. Урҭ ажрақәа зегьы мыжьӡыла ианҭәлакь ашьҭахь амшын ахь икылсуаз ажра ду аҿышәҭ неимаԥсаны ианыршәҳалак, нас амыжьӡы шьҭахьҟа изымцо ажрақәа иаарҭахон. Ашоурақәа раан ихылҩа-ԥсылҩаны ианҭабалак ашьҭахь иҵаатәалоз аџьыкаӡырӡ ҭганы нышәаԥшьлыхла иҟаҵаз аиаҳәа ԥшьыркца хәыҷқәа ирнырҭәалон, нас ашьаҟақәа инарықәыргыланы амцақәа нарыҵаҵаны аџьыкаӡырӡ еиладыршуан, убас мацара амыжьӡы анааҵабалак аиаҳәақәа иаарыҵахон иҟәашӡа иҟаз аџьыкахыш".
🧂Асахьаҿы: ақәабқәа рыла (еиҳа ааскьатәи) аџььыкаршра апроцесс
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1325
1.55K

- 👍 19
- ❤ 5
- ⚡ 2