TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #1324 732

Forwarded from Ахьыуардын

Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра.

Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит ажәытә бырзен ныҟәацәа, ашьапгьы ркит ақалақь Диоскуриада. Ахьтәы уасцәа иашьҭаланы Колхида иаахьаз аишьцәа Диоскураа рыхьӡала. Урҭ ркульт акырӡа иӷәӷәан усҟан Милет. Амиф ишаҳәо ала, рныҟәараан аӷбақәа ԥыҭк еицын, аха иҿықәгылаз дара зықәтәаз "Арго" заҵәык ауп. (Арго – аԥсуа ажәа а́рга (плавсредство) иаҿирԥшуан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа).

Абас, еибашьрада абырзенцәеи агениохцәеи акыраамҭа еиванхон, еиҿцаауан, ихәаахәҭуан, иҿион, аԥара рчаԥон, аӷбақәа дыргылон. Аҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы 70 инаркны 300 милаҭ рхаҭанакцәа шеизнагоз.

Хьӡи-ԥшеи аманы Диоскуриада ҳашықәсԥхьаӡара иҭалеит. Дук хара имгакәа аҭоурых адаҟьа ҿыцгьы аатит: аурымқәа раамҭа, аурым ҳәынҭқар Октавиан Август-Себастос ихьӡ иахаршалаз – Себастополис.

Цхәым ахьӡ цәырҵуеит абжьарашәышықәсазы, ахыҵхырҭақәа рҟны — XI ашәышықәса инакрны. 1331 шықәсазтәи хсаалак аҿы иарбоуп "Sakhum" ҳәа, абраҟа ухаҿы иааиуеит аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ахаҵа хьӡы Саӷәым. Иара убас Гәыма иуԥыло аҭыԥхьыӡқәа Лықым, Лыцәым; ақыҭа Уақәым уҳәа рынҵәамҭақәа реиԥшзаара. Ажәакала, иҟалоит, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа-Сухум ҳәа иахьа иаху аҩ-хьӡыкгьы аԥсышәазар.

Ишәҭыкакаҷлааит! 🌊🌇

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 19
  • ❤ 8
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  2. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  3. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  4. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  5. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  6. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →