TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #290 430
Ахьыуардын "Иԥырны ицон цҳаражәҳәара, Цәқәырԥеи-мшыни, ишсашәҳәара..." (Инна Ҳашԥҳа) Наџьнатә аахыс амшын иаԥну ҳажәлар ацәқәырԥ аҳас рхы рбон, адгьыл еиԥш аӡы иашьцылан. Уимоу, амшын ахылара аԥырра иадыркылон, уи азы ишаҳаҭуп ҳбызшәа.…
Амшын атема иацҵауа иахьатәи Ажәахырҿиаара🧩

Ашхәар
– "пират", "морской разбойник" ҳәа еиҭаҳгоит иахьа, аха ари ажәа арацәа хыԥхьаӡараҿы игылоуп, ашхәа + ар (морское войско, морской отряд).

"Ар" ажәытәан арацәа хыԥхьаӡара ҳазҭо суффиксны аус ауан: ажәла-р (народ), аџьа-р (скопление людей), аса-р (ягнята), аԥса-р (абхазы в средние века).

Ажәа арацәа хыԥхьаӡараҿы ишгылоу аршаҳаҭуеит ажәеицааира "Ашхәар рашәа".

Ижәдыруеит ҭоурыхла, аԥсуаа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рашхәар Амшын еиқәа кны ишрымаз, иагьқәылон ҳәарада, аха ҳага рыхьчон. Акыраамҭа абырзенцәа арахь хәаахәҭра изааиуамызт аҟынтә "Понт Аксеинос" (Негостеприимное море) ҳәа ахьӡ арҭеит, нас ирулак ианҿықәгыла "Евксеинос" (Гостеприимное) ҳәа ахьӡырҵеит.

🌊Ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы амшын аҭыԥ дуӡӡаа шааннакылоз зырҵабыргуа абызшәаҿы ишьақәхаз акодқәа:

Амшын ахьӡ зхашҭыз иеиԥш…
ҳәа ҳажәа иалоуп аԥсуаа, еснагь ула ихгылоу ахьӡ ухашҭуам ҳәа аанагоит, уҿаҿы абжьааԥнытәи ажәак анымааиуа азы.

Геи-шьхеи – ари ажәеицааира иаанагоит "иахьакәзаалак, зехьынџьара", аԥсуа идунеи ашьхеи амшыни рыбжьара ишыҟоу ҳанаҳәоит. Убри аан амшын – амраҭашәарахь иҟоуп: Амра аӡы иӡаалеит – солнце вошло в воду (море). Ашьхара – амрагыларахь иҟоуп: Амра ашьха иаавҵит.

Ага бӷьыци ашьха бӷьыци еиқәшәоит
– ажәаԥҟа, урысшәала иазааигәоу "Земля круглая – на краях встретимся".

Амыжьӡы – соленая (морская) вода

Аӡы иахшаз, амра иарбаз, зан дызбар иԥсуа (аџьыкахыш амшынӡы ҭарбааны ишалырхуаз зыршаҳаҭуа ацуфара).

Анҵамҭа аиқәыршәараан ахархәара рымоуп О. Ӡиӡариа, В. Кәарҷиа, Ҭ. Ачыгәба русумҭақәа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 14
  • 😍 2
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  2. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  3. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  4. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  5. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  6. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →