☀️🌕Амреи амзеи злоу аԥсуа хьыӡқәа
👩🏻🦰 А́мра, А́мза, Мра́мза, Мра́на, Ма́ра // Мы́ра, Мара́са, Марамашьа, Хьы́мра // Хьы́мара, Хьы́мза, Хьымара́са, Мра́лаша.
🧑🏻🦱 Мары́ҭхәа, Шары́ҭхәа, Мран, Амра́н, Ҭа́мра, Ҭа́мза, Мзыҷ, Мзауҷ, Мзаур, Мзаусҭ // Мсоусҭ, Мзале́и, Мзане́и, Амза́с, Кәдамза́ҷ.
Ахьӡ ауаҩы дарԥшӡоит. "Ихьӡ даԥсоуп" рҳәоит ажәлар рзы абзиа зылзыршаз изы. Ахьӡ алхра акраҵанакуеит иахьагьы, аха анкьа лымкаала ахәыҷы инаалаша ҳәа ихәыцны ахьӡ ирҭон, дандухалак дзакәхарц ирҭаху ҟазшьак, ма ԥсабаратә цәырҵрак дадыркылон. Аԥсуа хьыӡқәаҵәҟьа шамахамзар зегьы "цәажәоит", рҵакы еилукаауеит. Абри аганахьала уахәаԥшуазар, амреи амзеи ирхаршалоу ахьӡқәа ажәытәӡатәиқәа рахь иуԥхьаӡаратәы иҟоуп. Аԥсуа мифологиала амза арԥыс ихаҿра амоуп, амра – аӡӷаб, ахьӡқәа рҿгьы иаабоит уи: амра злоу еиҳарак ҳәсахьыӡқәоуп, амза злоу – хаҵахьыӡқәоуп.
Марыҭхәа – дитя Солнца;
Шарыҭхәа – дитя/сын рассвета.
Издыруада, ажәытәӡантә иаауа араԥ хьӡқәа Ра́мза // Рамза́н ԥсыуа хылҵшьҭразар ирымоу?
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #957
722

- ❤ 15
- 👍 8
- ❤🔥 2