Ҵабалаа ирҳәамҭаны...
• Доусы имцахара иара изы иаруп.
• Аӡы ыцәараҳа, аӷа дыцәом.
• Мытҟьал уамгар, Ҟәараш уагап.
• Аӷар игәы Сҭампыл ихәҳахәҭуеит.
• Ауаҩ кьаҿ игәы ицәырацәоуп.
• Доусы ибзамыҟәшьа иҽырбагоуп.
• Зхәы ззымфаз ихәы рфоит.
• Налҵаа Аԥснала иҽхәауеит.
• Аԥсыӡ аӡаҿы ихәаҽуам, ауаҩы – иԥсадгьыл аҿы.
• Аԥсуа дыҟәнушьар, уҟәныршьартә иҟаиҵоит.
• Атәым дгьыл лашьцароуп, хатәы дгьыл лашоуп.
• Аҽыҩ аасҭа аҽыразҟ еиӷьуп.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа поет Џьамал Абыгба инҵамҭақәа рахьтә. Ианын ажурнал "Абаза" № 1 (12), 2010.
#ажәаԥҟақәа
Аҵыхәтәантәи ажәаԥҟа Аԥсны даҽакалагьы ирҳәоит: "Уара уҽы мчыла иҩуанда, сара сҽы – насыԥла".
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1769
615

- 👍 14
- 🔥 3