Иахьатәи Гал уаҩ дызхымыз бнаран, адгьыл рыцкьаны ашырҭа анхитуаз Ҭлабӷан Қьецба — ақәраду нызҵыз аԥсуа нхаҩы, ашәарыцаҩ, ажәабжьҳәаҩ. Диижьҭеи 220 шықәса ҵит сынтәа.
Изларҳәо ала, иара диит хараӡа иҳаҩсхьоу 1806 шықәсазы, усҟан Қьалышьбеи Чачбагьы иԥсы ҭан. XIX ашәышықәса аилаҩеиласрақәа зегьы дырхаанын, XX-тәи азбжаранӡа днеирц егьааигымхакәа идунеи иԥсахит 1943 шықәсазы, уаҳа чмазарак ицәа иаламшәаӡакәа, 137 шықәса дшырҭагылаз!
Анкьа агәабзиара рацәан ҳәа иҟоу агәаанагара шҵабыргу агәра угоит абас иҟоу ансымыҩақәа уанрызхьаԥшуа. Ҭлабӷан Қьецба аӷьараҳәа иҟаз хаҵа ӷәӷәан. Ашьамхы џьбара зҵаз шьханыҟәан, дшәарыцаҩ дуун, ҩымш-хымш ныҟәа ҽнак ала дахысыр илшон (80-90 км).
Аҭоурых аҿы ихьӡ аанхеит Гал анхарҭа ашьапы зкыз иакәны. Имхы азааигәара аҩны иргылеит, ԥҳәыс дааигеит, анхамҩа ԥшӡа еиҿикааит. Акы дазрыцхамкәа ихы ныҟәигон, аԥхын адгьыл чашәра дықәаарыхуан, аӡын ишәақь аакныхны дахьынҭыҵуаз Ажәеиԥшьаа дирчон. Ибаҳча шәыр агмызт, ажь иааӡон. Ауаа игәылара ргәаԥхо, хәыҷы-хәыҷла иааны иванхо иалагеит. Ус-ус аиланхарҭа шьақәгылеит.
Ауаҩы иажәра иҿара ианысуеит рҳәоит. Ҭлабӷан Қьецба 60 шықәса ихыҵуан аҭаацәара даналалоз. Хәҩык аԥҳацәеи, ҩыџьа аԥацәеи ихылҵит, ажәымҭа шкәакәа ззырҳәо, ахылҵ-ԥылҵ рыла деиҵаҩҩы дыҟан, имоҭа-шьмоҭацәа шәҩык инареиҳауп.
Шәышықәса данырҭысгьы аҳаиҭ-қәиҭ бзиа змаз абырг, иҩба хԥамхацызт, ихара ааигәамхацызт, ашәаҳәара, акәашара илан, ауасҭара инапы иадыруан, ауаа рҿы дахьнеилак ахәыҷы-аду идеизалон, иажәабжьқәа ирзыӡырҩырц. 1940 шықәсазы иҿцәажәоз аҵарауаа ихәыцшьа џьаршьеит, иҿаԥыц адагьы, ихшыҩ еилшәара шамамыз, игәалашәоз ахҭысқәа нҵәара шрықәмыз азгәарҭеит.
Гал қалақьны иҟалеижьҭеи 93 шықәса ҵуеит, уи иалсуа амҩадуқәа руакы Ҭлабӷан Қьецба ихьӡ ахуп. Ибаҟа аргыларазы агәҭакы ыҟоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #2218
265



- 👍 9
- ❤ 5
- ❤🔥 4