TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #727 357
"Ихара ааигәамхацызт, иҩба хԥамхацызт".

Абас рҳәоит зықәрахь инеихьоу, аха макьана зымч ҭоу ауаҩы изкны. Аԥсшәа иалоу абри аидиома сахьарк аҵакы дахцәажәоит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа истатиақәа руак аҿы.

• Ихара ааигәамхацызт – иблабара иагымхацызт, ишибац ихараны ибон;
• Иҩба хԥамхацызт – алаба имкыцызт; иҩба = иҩ-шьапык.

Аҵарауаҩ иааигоит ԥшралеи хархәашьала еиуеиԥшым алаба хкқәа рацәаӡаны, иаҳҳәап: ахьча лаба, апап лаба, аурым лаба (алабҷашь), аҩыҵра лаба (костыли), ахьыӡрацара лаба, алаба ӷра (жезл регулировщика), алаба́ҟәа (булава, палица), алаба́заҵә/алахҭы́м (жердь), алапҟьа уҳәа иҵегь.

Уажә иахьа аџьықәреи иҿало азы алапҟьа́ ҳҳәоит, аха ари ажәа зхылҿиааз алабоуп: алаб-ҟьа – ашәыр злаҿырхуа. Аҵакы еиҭарсны иаҳԥылоит ажәаԥҟаҿгьы: Ашәыр зҿоу аҵлоуп алапҟьа згәыдырҵо – ак ҟазҵо иоуп акритика зауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 12
  • ❤ 3
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →