Иахьа ҳазлацәажәо, ҳазлаҩуа аԥсуа литературатә бызшәа аҿиараҿы злагала ду ҟазҵаз ҵарауаҩуп Анатоли Хьециа. Ауаҩы лаша, агәбылҩы, аразра зцыршаз, еснагь заԥсуара заԥхьа изыргылоз ахаҵа. Адырра ҵаула згәылыжжуа, даара ихатәроу аусумҭақәа ҳзынижьит.
Убас, хәы змаӡам ҭынхоуп аԥсуа лабашьа ахкқәеи аҵаки, ахьшькреи ашәарыцареи ирызку ишәҟәқәа.
ХХ ашәышықәсазы аԥсшәа иаланагалаз ажәа ҿыцқәа рыҭҵаарала анаука ду ахь зшьаҿа еихызгаз алексикограф иахьа уажәраанӡа зда ҳхәарҭам атерминологиатә, аекономикатә жәарқәа реиқәыршәара дазааԥсеит. Ибеиоу афольклортә материал еизигахьан, иахьа хәлаанӡа ашьхыц еиԥш аус иуан, ихатә ҭҵаара иҽахаршәаланы аԥсуаҭҵааразы аусумҭақәа аредакциа рызуа, арецензиақәа рызкуа.
Ас иҟоу ауаа ибзианы издыруаз, еилызкаауаз рҩызцәа рыхцәажәозароуп. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik Аԥсны асит аҟны иаҳкьыԥхьхьоу иреиӷьу аиҿцәажәарақәа ируаку – Анатоли Хьециа игәалашәара иазку Владимир Агрба иҿцәажәара. Аҩыџьагьы рыдунеи рыԥсаххьеит, аха ажәа иҳәоу, ианҵоу, дара рыхьӡқәеи рџьабааи реиԥш, ԥсра-ӡра ақәым.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #726
358