Аламыс иазку аԥсуа жәаԥҟақәа
▫️ Аламыс ауаҩы деиқәнархоит.
▫️ Аламыс амалқәа иреиӷьуп.
▫️ Аԥхашьара — ламыс иабжоуп.
▫️ Аԥсны ауапа ҿацәк иаҟароуп, аха аламыс дууп.
▫️ Аԥсуа иламыс еиҳау баагәара ыҟам.
▫️ Зыламыс ухьчаз уламыс ихьчоит.
▫️ Данаԥсыуаха уиқәгәыӷ, ламысла дыхәмаруам.
▫️ Аԥсуа иԥсырҭа иламыс ауп.
▫️ Аԥсуа иламыс ауп дмырӡкәа даазго.
▫️ Аԥсуа иламыс ахымҩас* ааннакылон.
▫️ Ламыс змам аԥҳәыс аџьыка змам афатә деиԥшуп.
▫️ Ламыс ахьыҟам уаҩрагьы ыҟам.
▫ Аԥсра аиҳагьы иӷәӷәоуп аламыс.
📖
Ахы́мҩас, ахы́блаҟьа, ахы́кәалаа — шальная пуля;
Ахы́бырра — рикошет
#ажәаԥҟақәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #897
814

- 👍 13
- ❤ 4