TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #198 361
Хысроуп.
Аҟәҟәаҳәа еиларҵоит ахацәа.
Диит ауаҩы иҭаҷкәым хәыҷқәа раҵәа.
Ихысуеит ахацәа,
Аҵеи изҳаны
Хысбжьык иаҳаргьы
Дҟамларц дырҳаны
...

(Денис Чачхалиа)

"Ахы" (пуля) иазкуп иахьатәи Ажәарыԥхрақәа, ахы (голова) иацы ҳазааҭгылахьан. Арҭ аҩ-ажәак рҩышьала еиԥшуп, аха рҳәашьа еиԥшӡам бзыԥаа рҿы, ихаз-хазу шьагәыҭқәоуп. Ражәахырҿиаарагьы иаҳнабоит рҵакқәа ахьынӡеицәыхароу.

Ааха́ (ранение, урон), а́ахара/иса́ахеит аҟаҵарба иахылҿиааит, ҩ-шьаҭак рыла ишьақәгылоуп -аа (аара - приход сюда) + ахы (пуля).

Абыӷьшәы иану егьырҭ ажәақәа рхалагьы ицәажәоит.

Жәабран 23 аԥсадгьыл ахьчацәа рымш Аԥсны уажәшьҭа иазгәаҳамҭозаргьы, иҟоуп Урыстәыла арра иахысуа, ма аҵара зҵо ҳҿар, иара убас абри аамҭазы аибашьра амцашыра иалагылоугьы. Рхымҭа камшәааит!

#ажәарыԥхрақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 11
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  2. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  3. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  4. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  5. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  6. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →