🪢Ажәарыԥхрақәа гәхьаазгоз шәыҟазма? Ари арубрика аԥсшәа ашьагәыҭ лексика иалоу ажәақәа реигәыцхәра иазкуп, инамҩатәны ҳбызшәатә хәыцшьеи ҳдунеихәаԥшышьеи амаӡақәак раартреи.
Ахы-ахшара, ахылҵ-аԥылҵ ҵакыла еиԥш ажәахырҿиааралгьы еизааигәоуп. Ахша́ра (ребенок, поколение) еиҿыршәшәаны ҳахәаԥшуазар, ахы́ ашара́ ауп (сотворить/размножить/разделить себя). Ақәыӷәӷәара аҵыхәтәантәи ацырахь ианиаслак иҟаҵарбахоит.
Ахы́б (крыша) уигьы ахы аҟынтә иаауеит, ахы́ + аба́ (сухая голова или видная верхушка);
Ахчы́ (подушка) ахы́ + ачы́ (мягкая голова);
Ахшы́ҩ (ум, мозг) ахы́ + шы́ + а́ҩра (белое быстрое в голове);
Аха́ҵа (мужчина - голова истины) хыхь ҳазааҭгылахьан.
Ахақәи́ҭра (свобода) ахы́ + а́қәиҭра (иметь право распоряжаться собой (своей головой);
Уххь зге́ит// ухаҵкы́ сцеит (пожалуйста//будь любезен) – ухы ахьаа сара изгааит, ухаҭыԥан сцааит;
Ахы́ рза́мҭеит – прошляпили;
Асахьа иану егьырҭ ажәақәа хҳәаа рҭахӡамкәа еилкаауп.
-Хы "хыхьла иҟало" аҵакы змоу превербк аҳасабалагьы даараӡа ирацәаны иаҳԥылоит: ахы́наара, ахаԥсара́, аха́лара, аҽхарԥа́рҭа уҳәа уб. иҵ. Шәаргьы шәҿырԥштәқәа ацышәҵа.
Бла иабо хы иаԥсоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #194
382

- 👍 12
- ❤ 2