Алеишәа, ақьабз, ақәнагаа — Аԥсуара злачаԥоу, еибызҭо, мамзаргьы изықәгылоу уасхыр хадақәас ишьоуп мшыннырцә иҟоу ҳашьцәа рыхдырраҿы, еиҳаракгьы аҳҷыԥсаа рҿы. Ҳәарада, арантә иргеит, Аԥсноуп иахьырҵаз, аха араҟа арҭ ажәақәа рҵакқәа еиҳа иҭшәахеит, "Аԥсуара" ахала зегь шьҭнахуа иҟалеит. Уа — еиҳа иӷәӷәахеит, еиҳа рыҽдырҭбааит. Уимоу, аԥсуареи алеишәеи синонимқәаны ианеибаԥсахуа рацәоуп адиаспора ражәаҳәаҿы.
Аԥсуара анышьақәдыргылоз 40 шықәса иаҿын рҳәоит. Ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь иаҵанакуа шьарда ирацәаны иахьатәи аконституциақәа раҟара амч аманы, узахымԥо ишьақәдыргылеит. "Сара саԥсуара сзахымԥеит..." Таиф Аџьба иҳәон еиԥш.
Уи аԥсуаа рымацра ракәым, аедыгьақәа, аубыхцәа, аԥсуаа, ашәуаа зегьы еилахәны еицышьақәдыргылеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҵыхәтәан иԥҵәаны иахьышьҭырхыз ҳәагьы Лыхны аӡбахә рҳәоит. Нас аҿар, "арԥара ԥшаахқәа" иахьыддырҵоз аҭыԥқәа ыҟан, убарҭ иреиуоуп Ҭәахы́.
Ҭырқәтәыла ианнанага амилаҭ хаҿра амырӡгак аҳасабала еиҳагьы игәцаракны ахьчара-аихаҳара иашьҭалеит жәларыкынгы, дасу ишилшоз алагьы. Убас, аҳҷыԥсаа иреиуаз Кәыџба Шараҭхәа иԥацәа аамҭа кьаҿк ала Аԥсуара аҵаразыҳәан, Алеишәа аҵаразыҳәан ҳәа аҩнеихагыла дыргылеит. Ари атемала астатиа шьахә лыҩхьеит абызшәадырҩы Алина Ачԥҳа — "Аԥсуара акодекс аҳҷыԥсаа ражәаҳәаҿы".
Алеишәеи, ақьабзи, ақәнагааи хаз-хазы ирыҵаркуа иазкуп Нонна Ҭхәазԥҳа абри лыстатиа >>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1224
954
Ахьыуардын Ажәа бзиоуп "ақәнага́", иаҳәо рацәоуп, иалшо рацәоуп. Аԥсышәала уанхәыцуа иара иахьаҭыԥу уҿаҿы имааир ауӡом. Ихатәроуп, адоуҳахьы ухьанарԥшуеит, уи иацырҟьоуп. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба анцәахаҵара иадҳәалоу ажәытә шәҟәқәа ахьеиҭеигоз даара…
- 👍 14
- ❤ 7