TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #2177 365
Ԥхынгәы 29, 1866 шықәсазы Лыхнытәи ақәгылара ашыкьымҭазы, аԥсуаа аҳас ихьӡ рҳәеит усҟан 20 шықәса ирҭагылаз Гьаргь Чачба. Аҳ иԥа Гьаргь — абас акәын ишишьҭаз ажәлар рҟны аҭеиҭԥш ҷыда змаз, зыԥсадгьыл згәы азыбылуаз уи арԥыс аамсҭашәа. Ари ашьаҿа иахәаԥштәуп 1864 шықәсазы иаԥыхыз Аԥсны аҳра (ахҳәаақәҵара азин) аиҭашьақәыргылара аҽазышәара акәны. Хшыҩла, гәымшәала иазхәыцны еиҿкааз усын, аха иалымҵгәышьеит — зхақәиҭра иазықәԥоз ҳажәлар аурыс ҳәынҭқар ир хыԥхьаӡарала иреикануа иҟамызт. Ақәгылара еиқәыркит.

Арҭ ахҭысқәа ҟалеижьҭеи ицқьаны 160 шықәса ҵуеит. Аҭоурых азы иацы акәызшәа иҟоуп: абиԥарала уахәаԥшыр, ҳабдуцәа рабдуцәа рхаан.

Ажәлар рычҳара хыжжит ԥхынгәы 26 рзы быжь-нызқьҩык инарзынаԥшуа иахьеизаз, Лыхнашҭа. Иазыӡарҩуан аҳәынҭқар ичынуаа рыла иааицҳаз аҳәамҭа: анхацәа шәхы шәақәиҭаҳтәуеит, аха шәыдгьыл шәықәаарыхларц азы ҭауади-аамсҭеи рҟны шәхы ҿышәхроуп ԥарала-шьарала ҳәа. Аԥсуаа ари рзымбатәбарахеит, иара усгьы аӡәы ихәура ҳҭам ҳәа зхы зыԥхьаӡоз, зхәы аазрыхуаз, уи моу аҳ ихәгьы згоз, еиҳа ирзеицәоу иҭанаргылоит акәын ари иаанагоз, ихьыԥшны иҟанаҵон. Хаала нышәашьа рымамызт. Дара ҭауади-аамсҭеигьы ргәы иааҵаххит ираҳаз: анхацәа тәыс ирымамызт, рхәыҷқәа зааӡоз урҭ ракәын. Аха арҭ акәамаҵамақәа рыҭҵаара моу рыххәыцрагьы иааиз ахамхаԥагьацәа рахьтә уаҩы игәы иҭамызт. Убри аҽны ф-сааҭк дцәажәон ажәлар рыхьӡала Шамы Уасман. Аиҭагаҩцәа ааԥсон, рыбжьы цон, рҽырыԥсахуан, иара ибжьы ҿацаӡа ишгац игон. Аҵыхәтәан, ианамуӡа, ҳшыҟоу ҳаншәыжь, ҳабзазашьа ҳара ҳныҟәнагоит ҳәа иҟаиҵаз аҳәарагьы хырҩа амоуит. Икаҭәеит Аҟәатәи арратә округ аиҳабы Кониар ишьа, уи дзыхьчоз афицарцәеи аказақцәеи ршьа.

Ақәгылара иамҽханакит ҩажәа нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, Калдахәара инаркны Ҵабалынӡа. Аԥсны аҭоурых аҿы иреиҳаӡоу ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны анҭыҵ аӡбахә цеит, Кавказ зегьы иахыҵәеит (аҟабардақәа ус рҳәазаап "ҳшәыршыр, ҳаргьы ҳаԥсыуаахоит" ҳәа, уи иаанагоз абџьар шьҭаҳхуеит ҳәа акәын).

Мчыбжьык инацны ицон аҿагылара, аха амчра ҿыц ирҳәаз ҳәан. Лыхнытәи ақәгылара аиҿкааҩцәеи алахәцәеи ӷәӷәала иахьырхәын. Шықәсык аҩнуҵҟа жәанызқьҩыла ажәлар Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәдыршәеит.

#аҭоурых

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 10
  • 👍 4
  • ❤‍🔥 2
  • 👎 1
  • 🔥 1
  • 😁 1
  • 🥱 1
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  2. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  3. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  4. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
  5. Sep 24, 2026"Зқьы ааӡаны шәкы абна илазҵаз" Иахьа аҵакы еиҭарсны иаҳҳәоит, амазара аазырԥшуа фразеолог…
  6. Sep 22, 2026Ажәа ҟәышқәа, ажәа гәылхқәа аԥсуа ихәыцшьа зныԥшуа • Ауаҩы иԥсы зазааит, имгәа бжьазааит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →