Аԥсны аҭоурых азы акыр зҳәо Лыхнытәи ақәгылара сынтәа аԥхын 160 шықәса ахыҵуеит. Уи аиҿкааҩцәа хадақәас иԥхьаӡаз аӡәырҩы, ауаа ирбо-ираҳауа, иааргәыдҵан иршьит, аӡәырҩгьы аҭакра-аҭыжьра, ахгара иақәдыршәеит. Иргәаҟны, етапла Сибраҟа иахыргоз жәаҩыла иҟан.
Убас, ҭаацәала иахыргаз рхыԥхьаӡара далан 100-шықәса зхыҵуаз аԥсуа хаҵа Кьагәа Кәыџба. Иара апрапоршьик ичын иман, 1849 шықәсазы Аԥсны аҳ Ҳамыҭбеи Чачба дицны аурыс ҳәынҭқар Николиа I дизцахьан. Усҟан дсас дахьны, ихаҵкы камыршәуа дрыдыркылеит, аха уажәы, ақәгылара дахьалахәыз азы, Ставропольтәи абахҭаҿы дҭакын. Иҭаацәагьы иара уа ҩныжәк иҩнарҵеит, аполициа рхылаԥшуан. Раб абырг дырбарц, рҽыԥсахуа аӡәаӡәала ицҭаркуан иҷкәынцәа ԥшьҩык. Арԥыскгьы дрыԥхеит ахьҭа ааилалан, зегь чмазцәаны иахьыҩназ, унхартә иахьыҟамыз ақьаԥҭажә аҿы. Ас ианақәшәа, аҳәара ҟарҵеит абахҭа иахьазааигәоу џьара даҽа ҭыԥк рзылырхырц.
Уи абахҭа усҟан Ахан ҳәа иашьҭан (тюремный замок), Ставрополь хаҳәла ичаԥаз раԥхьаӡатәи ахыбрақәа иреиуоуп. 1867 шықәса алагамҭазы иара убра иҭакын даҽа 13-ҩык ахгара зқәырҵаз аԥсуаа — Лыхнытәи ақәгылара аԥхьагылацәа. Ҵабалаа рхаҭарнак, уигьы ачын ду змаз, Шьрын Маршьан дназлаз; Лыхнашҭа аҭәаҵла дықәтәаны Кониар иеихсуаз Ҟаинагә Кәабахьиа иҩызцәеи иареи; убас иҵегь аамсҭацәеи анхацәа цқьақәеи (Тыгә Маан, Мырзаҟан Лакырба, Гәаҭеи Ладариа, Мамсыри Маџьыџьи Оҭырбақәа, Кәабзач Ҵыӷьтыр-иԥа, Гыд Дбар уҳәа егьырҭ).
Кәыџ Кьагәа дышҭакыз иаҳаит аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иахыргараны ишыҟоу ажәабжь бааԥсы. Цәгьала хьаас иҟаиҵеит абырг, иара игәаҟрақәа ихашҭны, абри иашаҵәҟьоума ҳәа дҵаауан абаандаҩцәа знапы ианыз рҟны. Иашазар, ианбыкәу сыжәлар рыхҵәара ҿҳәарас иазыԥҵәоу ҳәа агәжәажәара данаҟәымҵӡа, алԥсаа иоуз ҳасаб азуны, иқәрадугьы иахәаԥшны дрыцҳаршьан, азин ҟарҵеит "иҭаацәагьы иаргьы рыԥсадгьыл Аԥсныҟа" ихынҳәырц.
Лыхнытәи ахҭысқәа рыхҟьа-ԥҟьақәа рымшала Урыстәыла аҩадахьы иахыргаз дреиуан иара убас 15 шықәса зхыҵуаз арԥыс Кьамшьышь Қапба. Уи дзыхдырҟьаз маӡала абџьар ахьиҵәахыз ауп. (Усҟан мҳаџьырра имцаз зегьы иҭҟьоз рабџьар рхыхын, аҟамаҵәҟьа аныҟәгара ҟаломызт). Жәиԥшь шықәса атәым жәҩан аҵаҟа ианихига, Аԥсныҟа аара азин иоуит.
1867 шықәсазы Аԥсны иқәҵит 20-нызқьҩык инарзынаԥшуа ажәлар, убасҟан ауп Дали Ҵабали зынӡа ианҭацәы.
Ахыҵхырҭа: Аԥсны аҭоурых (Бӷажәба, Лакоба) 1993, ад. 187-188
#аҭоурых
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #2126
630
Ахьыуардын Лыхнытәи ақәгылара шәышықәса ахыҵра инеиҵыхны иазгәарҭазаап Аԥсны. Ҳҭоурых аҟны хашҭра зқәым ахҭысқәа раҳаҭыразы, 1966 шықәсазы аԥхын Лыхнашҭа аԥсуа жәлар реизара ду мҩаԥысит. Уи згәалашәартә иахаану иахьа шьҭа ирацәаҩӡам. Ҳара ҳаԥхьеит аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод…

- ❤ 17
- 👍 2
- 😢 2
- 😁 1
- 💔 1