Лыхнытәи ақәгылара шәышықәса ахыҵра инеиҵыхны иазгәарҭазаап Аԥсны. Ҳҭоурых аҟны хашҭра зқәым ахҭысқәа раҳаҭыразы, 1966 шықәсазы аԥхын Лыхнашҭа аԥсуа жәлар реизара ду мҩаԥысит. Уи згәалашәартә иахаану иахьа шьҭа ирацәаҩӡам. Ҳара ҳаԥхьеит аҭоурыхҭҵааҩ Арвелод Кәыпраа истатиаҿы ("Вопросы традиционной культуры абхазов. Почитание старших").
Аизара иалахәын Аԥсны ахы-аҵыхәантә зықьҩыла ауаажәлар. Қыҭацыԥхьаӡа иҟан абыргцәа нагақәа, ажәабжь еиԥшьыҩцәа, раԥсуа маҭәа иҭаҟаца, еилфаҷаӡа. Убра ажәахә зманы иқәгылаз дреиуоуп Лыхны иалҵыз аԥсуа ҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Аизара ашьҭахь асасцәа рзы еиҿыркааз ачареишәагьы иара иоуп имҩаԥызга, шәымҩахыҵ ҳаԥшәымазааит аниҳәа, еицҿакны ҭамадас далырхит.
Аԥсуаа реишәачаратә етикет набыцрада издыруаз, Аԥсуара ныҟәызгоз абыргцәа рыпатуеиқәҵашьа, ртәашьа-ргылашьа ҿык-бзык иазҳәомызт. Қыҭа-қыҭала иааз абыргцәа ӡышқәа реиҳабра-еиҵыбра гәаҭаны, еибарԥшуа, рнапы аӡы аақәырҭәан, рхаҵкы кеибамыршәуа итәеит. Дара заҵәык ирхылаԥшуаз аҩынаҳа ахаҵгылаҩ дыҟан, ишьхәа дықәгьежьаа рымаҵ иуан. Чарабжа имнеицкәаны, аҭамада дҩагылан абыргцәа рныҳәаҿа икит, жәлары зегь адруҳәа ршьапы иқәгылан еиқәлымҳаха иӡырҩуан, иажәа данаалга, раҵәцақәа нҭыркәкәаны иржәит. Уи амш ахаара иаҵаз иалаԥшыз зегьы ргәы иҭҵәомызт ҳәа азгәеиҭон Кәыпраа.
#аҭоурых
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1909
569

- ❤ 15
- 🔥 4
- ❤🔥 2