Аиашазы, "чаевые" азы хыхь иаагоу ах-варианткгьы уҳәар ауеит. Касланӡиа / Џьонуа ржәар аҟны иарбоуп: амҵаԥса // аԥарамҵаԥса, аџьыбаҭшьы (ацәажәаратә бызшәа иатәны). Аха арҭ ажәақәа рхархәара аныманшәалам ыҟоуп рҵакеиҭарсра иахҟьаны. Аџьыбаҭшьы аҵарҭыша иазааигәоушәа иуныруеит, аԥарамҵаԥса — арыцҳа иуҭо аччиахә (милостыня).
Ҳара уажәы лымкаала ҳазааҭгылар ҳҭахуп ажәа "ахаҵгылахә". Ажәар ианӡам, аха аԥсшәа иалоуп ари ажәа, асасдкылара иадҳәалоуп, акала иҟәнушьо иҟам. Ишдыру еиԥш, аишәачараан асасцәа рымаҵ зуа, дара ирыдымтәало "ахаҵгыла(ҩ)" ҳәа ишьҭоуп. Ари ажәа хәыҷы-хәыҷла активтә лексика иалҵуеит, "аҩы́наҳа", "аӡы́наҳа" реиԥш.
Асас ианакәызаалак апатуқәҵареи ахпатуқәҵареи ааирԥшуан, егьа чысхкы иаԥхьа иқәзаргьы, "ҭәа збаз ҭәа иҳәҳәеит" ҳәа имҵаз зегьы ифомызт, (жьы)хәҭа бзиақәак кьыс рымамкәа инижьуан. Убри ахаҵгылахә ахьӡын (букв.: "доля обслуживающего").
Ажәа аҵакы ҭбааны уахәаԥшуазар, ҳаамҭазы аресторан аҿы асасцәа рымаҵ зуа ахәыҭаҩ изынрыжьуа аԥарагьы ианаалоит. Абжьыҭара ишаҳнарбаз ала, ус згәы иаанаго шәрацәаҩуп. Иҭабуп, шәхы ахьалашәырхәыз! Шәчамҩа дузааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1757
642