TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21483 29
Габриела Лахина лышьра аус азы ахарадҵа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.

Иахьа рҿахәы рҿыхуп ԥшьҩык ашаҳаҭцәа — зус рыӡбо Кристина Лахина лгәылацәа.

Дара еиҭарҳәеит 2026 шықәса мшаԥы 7, 8 рзы иҟалаз ахҭысқәа ртәы, ақәымчра ахархәара иахҟьаны зықәра намӡац Габриела Лахина лыԥсҭазаара даналҵ.

Анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит мшаԥымза 20 асааҭ 14:00 рзы.

🖇 Кристина Лахина ахара
лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа. Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 20:30 инаркны 21:10 рҟынӡа, Маҷара ақыҭан.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, лара арыжә џьбареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз азы. Аӡӷаб хәыҷы ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 8 асааҭ 03:12 рзы.

Лара 8-15 шықәса лыҭаны абахҭа дҭаркыр алшоит. Аусҭҵаара анцоз аамҭазы Лахина дырбаандаҩын.
  • 😡 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 14, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  2. Oct 14, 2026Шәышықәса еиҳаны изхыҵуа — анышәаԥшь иалхәу адырган. Ари амаҭәар Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдо…
  3. Oct 14, 2026Аҟәа араион аҿы аус зуа ашколқәа жәба рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рҿаҵаразы алшара ыҟаӡам, а…
  4. Oct 13, 2026Аԥсны атехникатәии аграртәии занааҭқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ах…
  5. Oct 13, 2026Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы. Аусмҩаԥгатә…
  6. Oct 13, 2026Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →