TGViewer
Channel Public Channel
Sputnik Аԥсны

Sputnik Аԥсны

@sputnik_apsny_info

Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Subscribers
589
Photos
3.9K
Videos
5.4K
Links
10.5K
Recent Posts 20 shown
Post #20857 3
Бадра Гәынба аестрадатә студиа "Аеҵәақәа" рсахьаркыратә напхгаҩы Лиа Ҵәыџьԥҳа "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Ҵәыџьԥҳа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп шықәсырацәалатәи арҿиаратә усуреи еиҵагыло абиԥара рааӡареи аус аҿы ллагала азы.
Post #20856 8
Аԥсны агәамсам аусеиҭадулара азҵаара алацәажәара макьана изаацәоуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут аусзуҩ Ҭемыр Строчан.

Иара иҳәеит агәамсамеизакырҭақәа агәамсам ииашаны иахьыҵәаху аҭыԥқәа шракәу, аусеиҭахьадыруло ҭыԥны ишыԥхьаӡам.

"Аусеиҭадулара ҳалацәажәар ҳалшоит агәамсам еилаҳхуазар, мамзаргьы – аргыларатә гәамсами абзазаратә гәамсами уҳәа реиԥш ианеихаҳшо. Аха макьаназы хықәкыс иҳамоу арҭ еиҿкаарадоу агәамсамеизакырҭақәа раԥыхра, урҭ зегьы ҭыԥк аҿы реизакра, гәамсамеизакырҭа дук ахь риагара ауп", — иҳәеит иара.

Уи азы иԥшаатәуп ҵакырала идуу, географиала ииашоу аҭыԥқәа. Аеколог иажәақәа рыла агәасамеизакырҭа дуқәа – аполигонқәа ашьхараҿ реиҿкаара ҟалом, алаҟәыра ҭыԥқәа рҿы ма ауаа нхоит, ма атурист-рекреациатә хықәкқәа рзы рхы иадырхәоит.

"Иҟоуп аҵакыра, ауаа нымхошәа ахьубо, ара аполигон аартра ауашәа иахьыҟоу, аха аҭыԥ алхраан аҭҵаарадырратә знеишьа ӷәӷәа ыҟазароуп, избанзар, уа аӡиас мҩасуазар ауеит, ма аӡыхь ыҵыҵуазар ҟалоит. Ҳара, уи азааигәара агәамсам аиқәыжьра ҳалагар, урҭ ахыҵхырҭақәа ҳҟьышьуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Строчан.

🖇 2024 шықәса мшаԥымзазы Sputnik асаит аҿы Аԥсны агәамсам аилыхреи, аҵәахреи, ақәгареи рыпроблема иазку афильм ҭагалан.

Аҭыхратә гәыԥ ареспублика араионқәа зегьы ирҭааит, Алаҳаӡи Шьашьикәареи агәамсамеизакырҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьақәагьы еиҭарҳәеит.
Post #20855 18
Апатриоттә форум "Аҽеизгарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа.

Цәыббра 24-25 рзы аҭоурыхтә гәалашәареи абиԥарақәа реиқәҿыҭреи ирызку афорум аҿы 150-ҩык рҟынӡа алахәылацәа — 50-ҩык аветеранцәеи 100-ҩык аҿар рхаҭарнакцәеи еизараны иҟоуп.

Аиқәшәарҭа ҭыԥ́́кәаны иҟалоит Ацентр "Ҳара ҳаидгылоупи" Аԥснытәи ахысырҭатә клуби.

Апрограммаҿы иҟоуп аҿари аветеранцәеи иаартны реицәажәарақәа, апленартә еилатәарақәа, адокументалтә фильмқәа дырбара. Хаз хырхарҭаны иҟалоит акомандатә усеицура.

Афорум идеиа хада — абиԥара ҿа аҭоурых иара иалахәыз рхаҭақәа рҟынтәи ираҳарц алшара рыҭара. Аветеранцәа ргәалашәарақәеи рԥышәеи шьаҭас ироуроуп Аԥсны иахнагази, аграждантә ҭакԥхықәреи, аԥеиԥши рылацәажәара.

Аиҿкааҩцәа — ИАЕ "Импакт", "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа ", АЖәҾЕ "Аԥсны Ҿа" адгыларала, ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.
Post #20854 22
Бадра Гәынба афестиваль жәларбжьаратәи аекспедициа ацҵаразы "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа раԥшьгара дадгылеит.

"Ари афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, сгәыӷуеит, аԥснытәи шәколлегацәеи шәареи еизааигәаны аус еицыжәулап ҳәа", иҳәеит иара асасцәа рахь ихы нарханы.

Жәларбжьаратәи аекспедициа алахәылацәа Бадра Гәынба азҵаарақәа ирҭеит. Дара азҿлымҳан Аԥсни аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара акультуратә еиҭныԥсахларақәа ртәы, аҳәынҭқарра ахада акультура аминистр иҳасаб ала иусуратә ԥышәа, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә, Аԥсны аҿар-ҵарадырратә проектқәа рыҿиара.

Афестиваль алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада ареспубликаҿы рыҟазаараан аус здырулаз аԥшьгарақәа хԥа идыргалеит:

▪️Аԥсны аҩызцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи рҳаи атәыла акультура аӡыргареи – Amigos de Abjasia;
▪️Аԥсни Латинтәи Америкеи рыбжьара академиатә еиҭныԥсахлареи аҭҵаарадырратә усеицуреи –Project Research;
▪️Акультуратә еиҭныԥсахларазы ацифратә платформа: амузыка, атрадициақәа, аныҳәақәа, онлаин-еиԥыларақәа, авикторинақәа — Culture Wave.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аҟынтәи аҳамҭақәа ранаршьеит —Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа зну афотоальбоми амилаҭтә валиута аԥсари.
Telegram Sputnik Абхазия Бадра Гунба поддержал инициативу участников "Абхазской волны" продолжить международную экспедицию фестиваля в будущем. "И в рамках проведения этого фестиваля, надеюсь, что вы будете тесно взаимодействовать со своими абхазскими коллегами", — обратился он…
Post #20853 20
Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" иалахәу Колумбиантәи ажурналист, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба диазҵааит Аԥсны иазкны адунеи аҿы макьаназ ирзымдыруа иҟоу иарбану ҳәа.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны иазкны ирзымдыруа шырацәоу, ирзеилымкаауагьы шыҟоу, убри азоуп ареспублика ахьыԥшымра азхаҵара азҵаарақәа рҿы аиҿагылара зыҟоу ҳәа.

"Знык иадамхаргьы ари адгьыл барақьаҭ иаҭааз, Аԥсны ажәлар рысасдкылареи рҩызареи знырыз ауаа Аԥсны азхаҵара ахаангьы иаҿагылаӡом", — ҳәа иҳәеит Гәынба.
Telegram Sputnik Абхазия Журналист из Колумбии, участник "Абхазской волны" МФМ, спросил президента Бадру Гунба, чего об Абхазии, возможно, еще не знают в мире. Глава государства отметил, что об Абхазии многого не знают, недопонимают, и именно поэтому существует противостояние в…
Post #20852 22
Бадра Гәынба "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит АЖәР апрограмма хада Екатеринбург ихыркәшан Аԥсныҟа рааразы.

"Имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҿы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы изго абиԥарақәа реимадара хыдҵахаданы иаанхоит. Ҳара ҭынч, згәы аартны ҳтәылахь имҩахыҵуа ҳаизыразуп", — иҳәеит Аԥсны ахада.

Иара иазгәеиҭеит аԥсуа ҿар асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара Аԥсны аӡбахә аиҭаҳәареи уи жәларбжьаратәи адгылара аҳәаақәа рырҭбаареи рзы лшараны ишыҟоу.

Иазԥхьагәаҭоуп аиԥылара алахәылацәа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны аус зыдулаз х-проектк аҳәынҭқарра ахада идгалара.

🖇 Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар рфорум арегионалтә программа иахәҭакхеит. Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекспедициа иалалеит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Урҭ иахьӡеит Ажәытә Гагра аҭаара, Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт азыӡырҩра, Риҵа аӡиа абара, Ауадҳара аҵх рхыргеит.
Post #20851 25
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль жәларбжьаратәи аекспедициа "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа дырԥылеит.

Аиԥылара мҩаԥысуеит акультура-усуратә платформа "Гәыма" аҟны.

АЖәР апрограмма ахәҭак Аԥсны амҩаԥгара аԥшьгара ареспублика аҿар ирыдыргалеит 2025 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы ААУ ашьаҭала Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа Ахаҭарнакра аартра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи адгылара арҭеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ, АЖәР аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Сергеи Кириенкои.
Post #20850 26
Урыстәыла Арбџьармчқәа Харьковтәи аобласт аҿы аиланхарҭақәа Польнаиеи Новоалександровкеи рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Post #20849 22
Цәыббрамзазы Аԥсны аԥсшьаразы урыстәылатәи атуристцәа иаадрыԥшуа азҿлымҳара 45% ихалеит 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны.

Абри атәы аанацҳаит атуриндустриа Урыстәылатәи аидгыла.

Цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 15 рҟынӡа Аԥсны аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыхәҭа, Урыстәылеи аҳәаанырцә ааигәеи рҿы аҭирақәа рзеиԥш мҽхакы 31% рҟынӡа инаӡеит.

Азҿлымҳара рымоуп раԥхьа иргыланы акрыфареи аӡҭарчи (бассейн) ахьыҟоу аҭаацәаратә хкы змоу асасааирҭақәа. Убри аан, Аԥсны асасааирҭақәа рыхәԥса 50% рҟынӡа иладырҟәуеит.

Жьҭаарамзазы "зегьы зҵазкуа" асистема змоу асасааирҭақәа раанкылара алшоит ҩыџьа рзы 7 ҵхык 32,2 нызықь мааҭ ахәԥса ала.
Post #20848 27
Астанциа маҷ "Алаҳаӡы" аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Аусура иалагеит амчратә трансформатор ҿыц, иргылоуп акапиталтә ааглыхратә хыбрақәа, еибыҭоуп ҳаамҭазтәи зымчхара ҳараку амаругақәа рыла, инагоуп ҩ-цәаҳәа ҿыцк.

"Аобиект уажәтәы иақәу ақәыӷәӷәара 60% рҟынӡа инаӡоит, 40% аобиект ҿыцқәа раҿакразы узықәгәыӷша резервк аҳасабала иаанхоит. Аҩбатәи аетап аан ари аиқәҳәаларҭаҿы аенергодефицит азҵаара аҵыхәтәанынӡа иаҳаркуеит",
— ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.

Аусурақәа аҳатә ԥкрақәа раԥыхреи аинфраструктура аӡынтәи ақәыӷәӷәара дуқәа разырхиареи ирзынархоуп.

Апроект наӡа ахыркәшара иалнаршоит астанциа маҷ иааизакны амчхара 20 МВт инаркны 80 МВт рҟынӡа аизырҳара.

🖇 Астанциа маҷ аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҳақәа рырҿыцреи аҳасаббаратә системақәа ралагалареи рыпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Мшаԥымза 4 рзы Аԥсни Урыстәылеи русбарҭақәа аенергетика аусхк аҟны аусеицуразы
аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Post #20847 27
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи еиду акультурақәа рфорум аҿы дықәгылоит.

Хынҭәба аусутә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны апанельтә еилацәажәарақәа ҩба дрылахәхоит, иҟаиҵо ажәахәқәа ҳаамҭазтәи атеатртә ҟазара аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирызкхоит.

Иара атеатр анапхгараҭаразы ақәҿиара змоу аԥышәа, акультуратә диалоги азеиԥш культуратә ҵакыра арӷәӷәареи, иара убас жәларбжьаратәи апрофессионалтә еинырра алаԥшҳәаақәа рырҭбаареи азҵаарақәа дрылацәажәалоит.

Афорум мҩаԥысраны иҟоуп цәыббрамза 24-26 рзы Санкт-Петербург.
Post #20846 28
🇷🇺 Памфилова: заанаҵтәи адыррақәа рыла АҳәынҭДумаҿ 355 ҭыԥ "Иаку Урыстәыла" иаиуеит, 40 ҭыԥ — КПРФ, 25 — ЛДПР, 20 — "Новые люди" рҿы, 4 — "Ииашоу Урыстәыла" (5% аԥынгыла иахысыр), ҭыԥк аҭахоит апартиа "Аԥсадгьыл", 4 — зхала иқәгылоу акандидатцәа.
Post #20845 27
Агәабзиархьчара ҳарҽеиргьы, аҵарадырра ҳарӷәӷәаргьы, ҳекономика шьҭаҳхыргьы — аԥсуаа милаҭк аҳасаб ала ҳаниаӡаа, ари зегьы ҳҭаххаӡом ҳәа лгәаанагара арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ԥшьҩык ахшара ран Арда Џьапуаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, уажә ааигәа асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынԥҳа, ахшара рацәа змоу аҭаацәара аԥҵара аидеиа милаҭтәны иҟалароуп ҳәа иҟалҵаз аҳәамҭа дадгылаҩуп.

"Ҳара хыԥхьаӡарала ҳмаҷра еснагь уадаҩра дуны иҳамоуп", — ҳәа азгәалҭеит Џьапуаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
#social
  • 🔥 2
Post #20844 28
Ҳазҭагылоу аамҭаз ақыҭашколқәа рҭацәра убарҭоуп, уи зыдҳәалоу аҭаацәа рхәыҷқәа еиуеиԥшым акружокқәеи асекциақәеи ахьаԥҵоу ақалақь школқәа рахь рхәыҷқәа ахьиарго ауп ҳәа лгәаҭарақәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит адемограф Асҭанда Ҳашԥҳа.

"Ари ҽԥныҳәам, аха ақыҭа школқәа иҵегьы азҿлымҳара, иҵагьы ахылаԥшра шрыҭатәу узырбо фактуп", — ҳәа азгәалҭеит Ҳашԥҳа.

Адемограф Аԥсны еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟны аҭҵаарақәа мҩаԥылгеити. Урҭ иаадрыԥшыз адыррақәа изларҳәо ала, Река ақыҭа 1990-тәи ашықәс азы инхон 19 ҭаацәарацәа, 2015 шықәсазы — 11 ҭаацәара, 2026 шықәсазы — 5́.

Ҳашԥҳа лажәақәы рыла, асоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны, ақыҭақәа рҿы аҭаацәарацәа аԥҵара, ақыҭа школқәа рҭалара иацәхьаҵуа рацәаҩхеит.
#social
  • 👌 1
Post #20843 31
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 224 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
#social
  • 🗿 2
Post #20842 38
"Абзиабара зыҩноу аҩны, лашара агым", "Сасгәашә ахьҿам, аҩнаҭа лашьцоуп", "Ҩнаҭа гәамсит — тәымџьара кылыԥш", — абас аҩны аҵакы ганрацәала ажәаԥҟақәа ирныԥшуеит.

Аҩны "хатәы баагәароуп" — агәырӷьареи агәырҩеи уцеиҩызшо, аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа риааира улзыршо.

Аԥхьаразы ишәыдаагалоит аҩны иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи — "Хатәы ҩны, хатәы мца": аҩны азырбо ажәаԥҟақәа рыхҳәаа.
#social
  • ❤ 2
Post #20841 36
"Иаку Урыстәыла" аԥкаанҵақәа 83% аус рыдулара ашьҭахь Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан 57,85% абжьқәа аиуеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АКХ.

КПРФ — 13,83%, ЛДПР — 8,77%, "Новые люди" — 7,97%.

Ииашоу Урыстәыла — 4,99%, хә-процентк иҟоу аԥынгыла иахысӡом.
  • 👎 1
  • 😱 1
Post #20840 38
🇷🇺 Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟаҵахоит цәыббра 25 рзы.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы 90 нызқь инареиҳаны алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы, заанаҵтәи адыррақәа рыла, аилагарақәа х-хҭыск роуп иаадырԥшыз ҳәа лҳәеит Памфилова.
#social
Post #20839 40
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан аилагарақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи азгәаҭам Аԥсны иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы.

"Сара даара сеигәырӷьоит хыԥхьаӡара рацәала аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ауаа рыдагьы аҿар алхрақәа рхы ахьрыладырхәыз", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Адипломат иазгәеиҭеит алхыҩцәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҭаараан ақәв шырԥырхагамхаз, зыбжьы зҭиуаз рыбжьара атуристцәа шырацәаз.
#social
Telegram Sputnik Абхазия Нарушений и чрезвычайных ситуаций на выборах в Госдуму в Абхазии не зафиксировано, сообщил посол России Вячеслав Гладков в пресс-центре Sputnik. "Мне очень было приятно, что на некоторые участки люди пришли заранее. Я очень рад, что пришло большое количество…
Post #20838 37
⚡️Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа асааҭ 18:00 рзы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ареспубликаҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа рхы аладырхәит 70 нызқьҩык инареиҳаны иҳәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Sputnik апресс-центр аҿы.

Ареспублика иахьаҵанакуа иаартыз алхырҭатә ҭыԥқәа 50 асааҭ 20:00 рзы русура хыркәшан. Уажәы алхратә комиссиақәа абжьқәа рыԥхьаӡара иалагоит.

Урыстәыла Алхратә комиссиа мышқәак рышьҭахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟанаҵоит ҳәа азгәеиҭеит Гладков.

"Ҳара уажәы абиуллетенқәа зегьы еизаагоит, урҭ еидкыланы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҳашьҭуеит, уаҟа УА азакәанԥҵара анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны АКХ ахь инарышьҭуеит", — иҳәеит адипломат.
Older posts →

About this channel

How can I read @sputnik_apsny_info without a Telegram account?
TGViewer shows the public web preview Telegram publishes for Sputnik Аԥсны: recent posts, photos, videos and the subscriber count, with no app, login or account.
How many subscribers does Sputnik Аԥсны have?
Sputnik Аԥсны (@sputnik_apsny_info) has 589 subscribers on Telegram, refreshed roughly every 30 minutes.
Does Sputnik Аԥсны know I viewed it here?
No. Public channel previews carry no viewer identity, and TGViewer has no accounts or tracking of what you look up.
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →