Бадра Гәынба "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит АЖәР апрограмма хада Екатеринбург ихыркәшан Аԥсныҟа рааразы.
"Имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҿы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы изго абиԥарақәа реимадара хыдҵахаданы иаанхоит. Ҳара ҭынч, згәы аартны ҳтәылахь имҩахыҵуа ҳаизыразуп", — иҳәеит Аԥсны ахада.
Иара иазгәеиҭеит аԥсуа ҿар асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара Аԥсны аӡбахә аиҭаҳәареи уи жәларбжьаратәи адгылара аҳәаақәа рырҭбаареи рзы лшараны ишыҟоу.
Иазԥхьагәаҭоуп аиԥылара алахәылацәа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны аус зыдулаз х-проектк аҳәынҭқарра ахада идгалара.
🖇 Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар рфорум арегионалтә программа иахәҭакхеит. Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекспедициа иалалеит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Урҭ иахьӡеит Ажәытә Гагра аҭаара, Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт азыӡырҩра, Риҵа аӡиа абара, Ауадҳара аҵх рхыргеит.
Post #20852
36