Лыԥсҭазаара далҵит Владимир Высоцки иԥшәмаԥҳәыс, актриса, ашәаҳәаҩ Марина Влади.
Лара 88 шықәса лхыҵуан, лыԥсҭазаара далҵит Франциа.
Марина Влади — аурыс емигрантцәа-актиорцәа рыԥҳа лоуп. Париж Гранд-Опера аҟны ахореографиатә ҵараиурҭаҿы аҵара лҵон. Лфильмографиаҿы 130 рҟынӡа арольқәа ыҟоуп. СССР аҟны деицырдыруа дҟалеит афильм "Колдунья" ашьҭахь.
Влади Высоцкии рыԥсҭазаара еиларҵеит 1970 шықәсазы, иагьеицынхон апоет иԥсҭазаара далҵаанӡа 1980-тәи ашықәсқәа рзы.
1971 шықәса аԥхынразы Владимир Высоцки Марина Влади диманы Аԥсныҟа дааит.
Post #20955
20