"Аибашьҩы иан лпортреҭ" аскульптуреи ҩыџьа иналукааша аԥсуа аҳәса рҭоурыхи ирызку аиԥылара мҩаԥысран иҟоуп иахьа Аҟәа.
Ацәыргақәҵатә зал хада алекциатә зал аҟны ицәырыргоит раԥхьатәи аԥсуа ԥхәыс-аскульптор Марина Ешԥҳа лусумҭа "Аибашьҩы иан лпортреҭ" ахкьыԥхьлаа, иалацәажәоит аскульптура аԥызҵази изызкуи рҭоурых.
"Саныстудентыз Марина Ешԥҳа лхаҭа исыдылгалеит схаҿсахьала аскульптура аԥҵара. Аха сацәыԥхашьан, мап ацәыскит. Акыр шақәса рнаҩс, аибашьра ашьҭахь ашәы схьыхәхәа сышнеиуаз лбеит. Усҟан мап ацәыскыр лымит. Уинахыс лыгәҭакы анагӡаразы хынтәҟа роуп ҳахьеиқәшәаз. Ссахьа раԥхьа ақьаад аҿы иҭылхит, нас аскульптурахь ииалгеит", — ҳәа арадио Sputnik аҟны лгәалашәарақәа еиҭалҳәеит аскульптура зызку Гәыли Кьычԥҳа.
Аскульптура раԥхьаӡакәны 1996 шықәсазы ацәыргақәҵатә зал аҿы имҩаԥысуаз амарафон аҟны иӡырган. Раԥхьа иара ахаҳә шкәакәа иалхын, анаҩс аџьаз ахь ииаган.
#social
Post #20960
16