Ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, афилолог, апсихолог Анна Гончарова Аҟәа иҟоу ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны аҟаза-икласс "Алакә шаԥҵатәу" мҩаԥылгеит.
Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа 50-ҩыки ҳџьынџьуаа рхәыҷқәеи арҿиаратә еиԥылара рхы аладырхәит, алитературатә ҭоурых аԥҵара ашьаҭақәа ирабадырит, асиужет, игәнукылаша афырхацәа шаԥырҵо еилыркааит.
Ахәыҷқәа рхатәы ҭоурыхқәа рхәыцуан, Гончарова лнапхгарала аидеиақәа узтәызтәуа лакәтә сиужетқәаны рыҟаҵашьа рҵон.
Аусмҩаԥгатә Аҟәа иҟоу Москва Аҩны еиҿнакааит, Москва анапхгареи, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартаменти, ҳџьынџьуаа Москватәи рыҩни рыцхыраарала.
#social
Post #20956
44
