Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны, ахысразы апрактикатә зыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа аполигон ахь днеит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит жьҭаара 12 рзы, аруаа аибашьратә зыҟаҵара иреиҳаӡоу аҩаӡарахь ииагоуп.
Ахықәкы хада — аруаа рнапхгараҭара аиӷьтәра, акомандатәи аоперативтәи еилазаара афицарцәа апрактикатә ԥышәа дырҳара, иара убас Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа рыбжьара аинырра аус адулара.
Post #21510
19