Апрограмма "Апроекттә усуреи атрекинги" аҩбатәи амодуль хацыркхеит Аҟәа, ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
"Ҳаамҭазтәи адунеи аҿы ҳҿаԥхьа иқәгылоу ааԥхьарақәа даара ирацәоуп, ҳапроблемагьы аидеиақәа рыҟамзаара акәӡам изыдҳәалоу, урҭ аидеиақәа аҵыхәтәанынӡа рнагара ауп. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ҟазарарыла рхархәарала, апроекттә усура иалҵшәаны, иԥсабаратәым ахдырра убрахь иналаҵаны ирыбзоураны, анапхгараҭаратә механизмқәа рзы иалыршоу зегьы рхархәараз алшара шәоуеит", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны ахада Иусбарҭа агуманитартә политика аусбарҭа аиҳабы Викториа Бебиаԥҳа.
Апрограмма алахәылацәа — акадртә резерв алахәылацәеи аминистррақәеи аусбарҭақәеи рҿы аус зуа рхаҭарнакцәеи роуп. Амодульқәа реихшьаалақәа рыла дара атуризм инаркны ақыҭанхамҩа аҟынӡа еиуеиԥшым аусхкқәа рыҿиара иазырхоу апилоттә проектқәа хәба ӡырыргоит.
Апроект х-модульк ирзырхоуп, урҭ рҳәаа иҭагӡаны акомандақәа апрактикатә интенсив иахысуеит, иара убас аекспертцәа асессиақәа ирыцырхысуеит.
Иахьатәи амш иалҵшәахоит акураторцәа рҿаԥхьа апроектқәа рпаспортқәа рыхьчареи жьҭаара 19 инаркны есымчыбжьатәи атрекинг аусура аларгареи.
Апрограмма еиҿнакааит аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла", "Аԥсны акоманда" алархәны, ареспублика ахада иаԥшьгарала.
Post #21513
26