TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21539 28
Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" алекторцәа Аԥсны 50 инареиҳаны аҵараиурҭақәа рҿы арккаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит цәыббрамзазы.

Алекциақәа ирзыӡырҩит Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҟынтәи 3 000-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи, абри атәы аанацҳаит аиҿкаара апресс-маҵзура.

Урҭ ҷыдала аинтерес рызцәырнагон Аԥсадгьыл абзиабара, акибершәарҭадара, иԥсабаратәым ахдырра ирыдҳәалоу атемақәа. Алекциақәа мҩаԥысуан иаарту адиалог аформат ала, азыӡырҩцәа рызҵаарақәа аекспертцәа ирырҭон, ргәаанагарақәа еимырдон.

"Ҳара баша адыррақәа реиҭаҳәара адагьы, аҿар азҵаарақәа ахьҳарто, иахьхәыцуа, рхатәы позициа ахьышьақәдыргыло иаарту адиалог азы аҭыԥ аԥҵара ҳашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" ахаҭарнакра адиректор Мадин Сақаниа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Белгородтәи аобласт агубернатор Александр Шуваев Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳә…
  2. Oct 16, 2026Сынтәа, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы 311 нызықьҩык ауааԥсыра аҭ…
  3. Oct 16, 2026Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп. Сынтәа…
  4. Oct 16, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум р…
  5. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  6. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →