Белгородтәи аобласт агубернатор Александр Шуваев Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҳәаа иаԥну аҭаацәарақәа ареспубликахь ԥсшьара рааԥхьаразы.
Белгородтәи аобласт аҳәаа иаԥну 20-ҩык ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа Аԥсныҟа иааит.
Зынӡа 100-ҩык ауаа — Волоконовтәи, Валутәи, Шебекинтәи, Борисовтәи, Красноиаружтәи, Граиворонтәи, Белгородтәи аокругқәа рҟынтәи ахәыҷқәа змоу анацәа роуп.
"Акраҵанакуеит аҳәаа иаԥну аҭаацәарақәа рыԥсы ршьарц, рымчқәа еиздырҳарц, аҭышәынтәала рнырыртә аҭагылазаашьа рзаԥҵара. Ари иахьа еиҳагьы иаҭаху адгылареи ахылаԥшреи роуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аныҟәара еиҿкаауп Бадра Гәынба иааԥхьарала. Ҩымчыбжь аҭаацәарақәа Пицунда имҩаԥыргараны иҟоуп, иара убас дара рзы иазырхиоуп аекскурсиатә программа.
Post #21579
18


- 👍 1