TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21576 14
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Уи ахәыҷқәа ирзыҟарҵо иҷыдоу амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аизырҳара иазырхоуп.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниеи ахәыҷтәы неврологиа аклиника "Лингва Бона" анапхгаҩы Григори Анисимови ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.

Аусеицура иазԥхьагәанаҭоит ахәыҷтәы неврологиеи аепилептологиеи рганахьала аԥышәа аимдара, ацәа аилагарақәа рдиагностика, иара убас ажәаҳәатәи акоммуникативтәи еилагарақәа заанаҵы раарԥшра.

Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп еицырзеиԥшу аконференциақәа, асеминарқәа, амастер-классқәа рымҩаԥгара, амедицинатә усзуҩцәа рзы аԥышәахысрақәа реиҿкаара, анаука-практикатә проектқәа аус рыдулара.

Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп иҷыдоу аконсультациақәа реиҿкаареи амедицинатә рбагақәа рыла ахәышәтәразы ачымазцәа рынашьҭреи рҿы ацхыраара аҟаҵара.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Белгородтәи аобласт агубернатор Александр Шуваев Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳә…
  2. Oct 16, 2026Сынтәа, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы 311 нызықьҩык ауааԥсыра аҭ…
  3. Oct 16, 2026Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп. Сынтәа…
  4. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  5. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
  6. Oct 16, 20262026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва. "Sputnik Pro Зубовски"…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →