TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 593 subscribers
Post #21575 19
Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын.

Иара мҩаԥысуан жьҭаара 11 инаркны Москва, ихыркәшахоит жьҭаара 17 рзы.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни ИАР егьырҭ атәылақәеи аҳәаанырцә ааигәақәеи рҟынтәи алахәылацәа аҭааит иналукааша урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи рыстудиақәеи, ТАСС-и RT-и уахь иналаҵаны, иара убас "Известия", "Россия сегодня", "Комсомольская правда", "Коммерсант", Rutube, MASH.

Урҭ урыстәылатәи ажурналистцәеи аредакторцәеи ирыҿцәажәеит, аинформациатә материалқәа разырхиареи аконтент аԥҵареи рҷыдарақәа ртәы еилыркааит.

Иара убас алахәылацәа Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа Ахеилаки ирҭааит, уаҟа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыпресс-маҵзурақәа русура аҷыдара ддырбеит.

Акультуратә программа иаҵанакуан Москва аекскурсиақәеи аҳҭнықалақь иналукааша аҭыԥқәеи рҭаара.

Жьҭаарамза 16 рзы ажурналистцәеи аблогерцәеи Амилаҭтә центр "Россия" аҿы имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи апремиа "Евразиа" аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа иасасцәахеит. Сынтәа апремиа еиднакылеит 73 тәыла рҟынтәи 5,5 нызқьҩык алахәылацәа.

🖇 Апроект "ИнтерНовости" Россотрудничество 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны инанагӡоит, апрофессионалтә ԥышәа аимдареи амедиасфера аспециалистцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхреи иазырхоуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 17, 2026Чхәартал-Бедиа-Тҟәарчал еимаздо 7 км амҩа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп. Ақыҭақәа рымҩа ааха…
  2. Oct 17, 2026Аԥсуа-аурыс рҿар рфорум алахәылацәа Аԥсны акультуреи, аҵасқәеи-ақьабзқәеи, Аԥсны иҭрыжьуа…
  3. Oct 17, 2026Ахысразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы. Аррамаҵзурауаа аибашьратә ҭагылазаа…
  4. Oct 17, 2026Аԥсны апаллиативтә цхыраара аҟаҵаразы 10-15 аиара-ҭыԥ змоу ахәшәтәырҭатә усбарҭа аартра аз…
  5. Oct 17, 2026Аԥсны ахаҭарнакцәа жьҭаарамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу афорум "Урыстәыла — Африка" иала…
  6. Oct 17, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аус аднаулоит апаллиативтә цхыраара асистема аҭышәныртәа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →