Чхәартал-Бедиа-Тҟәарчал еимаздо 7 км амҩа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп.
Ақыҭақәа рымҩа ааха роуан илеиуаз аҳауатә лышәшәарақәа ирыхҟьаны. Арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуан аҳәынҭбиуџьет ахарџь ала.
"Ҳара, раԥхьа иргыланы изыҟаҳҵо — ауаа ишәарҭадоу атранспорттә еимадара рымазарц азоуп. Ҳқыҭауаа ирылшозароуп ианакәзаалакгьы уадаҩрада ақалақь аҟынӡа анеира, рқыҭанхамҩатә аалыҵ ҿыц ақалақьтә џьармыкьахь аагара, аҭира", —азгәеиҭеит Тҟәарчал араион ахада Герман Каҷараа.
Post #21602
11