Аԥсуа-аурыс рҿар рфорум алахәылацәа Аԥсны акультуреи, аҵасқәеи-ақьабзқәеи, Аԥсны иҭрыжьуа аалыҵқәеи ртәы рзеиҭарҳәеит, абри атәы аанацҳаит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Афорум алахәылацәа аҭааит Кәтол ақыҭан иҟоу ачаи аарыхырҭа, аҭыԥантәи аӡа иалхны иҟарҵо ачаи аҭыжьра аҷыдарақәа рзеиҭарҳәеит.
Ашьҭахь аетнопарк "Аԥсны" ахь амҩа иқәлеит, уаҟа иддырбеит аԥсуа жәлар рҭоурыхи рыбзазареи аазырԥшуа атрадициатә ргыларақәеи аекспонатқәеи.
Уи адагьы, аҿар рхаҭарнакцәа мҩахыҵит Очамчыра ақалақь аҿы иҟоу ауасҭарҭа "АБНА".
Иара убас, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рделегациақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аиҩызаратә шьапылампылтә хәмарра мҩаԥысит. Аиԥылара хыркәшахеит 8:7 ҳәа урыстәылатәи акоманда аиааирала.
🖇 Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы.
#social
Post #21601
15