Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аус аднаулоит апаллиативтә цхыраара асистема аҭышәныртәаларазы анормативтә усшәҟәқәа ралагалара.
Абри атәы Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциа аҟны иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара аусбарҭа аиҳабы Баҭал Кациа.
Иара иажәақәа рыла, аусура мҩаԥысуеит Урыстәыла рколлегацәеи амаҵзура ҷыдақәа рҟазауааи алархәны. Убри аан, адунеи тәылак аҿы Агәабзиарахьчара аминистрра ари атема ахала анапы алакым, уи аҿы ирыцхраауеит ауаажәларратә еиҿкаарақәеи анаплакыҩцәеи иҳәеит иара.
"Ҳара ҳганахьала азиндырреи анормативтәи цхыраара адагьы — адгылара ҳазхиоуп. Аҭыԥ алхтәуп — иарбан хәышәтәырҭақәоу ас еиԥш аҟәша ахьааҳартло", — иҳәеит Кациа.
Асистема аусура иалагаанӡа апациентцәа ралԥшаара ашәага-загақәа шьақәыргылатәуп, аҟазауаа азырхиатәуп. Аҟәатәи амедицинатә коллеџь абжьаратә медицинатә усзуҩцәа разыҟаҵара иазхиоуп.
Post #21597
15