2026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва.
"Sputnik Pro Зубовски" хацыркын жьҭаара 12 рзы, ихыркәшан жьҭаара 16 рзы.
Аҵара рхы аладырхәит Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Таџьикистан, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ажурналистцәа, аблогерцәа, SMM-, PR-специалистцәа.
Алахәылацәа иҭырҵааит ҳаамҭазтәи амедиатрендқәа, аконтент аԥҵареи аӡыргареи, иԥсабаратәым ахдырра аус адулареи афактчекинги.
Хазы ахшыҩзышьҭра арҭеит ашәарҭара ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы аусура аҷыдарақәеи ииашам аинформациа аҿагылареи. Апрограмма дасасхеит урыстәылатәи аполитик, ауаажәларратә усзуҩы Мариа Бутина.
Алахәылацәа рцәаныррақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
🖇 "SputnikPro Зубовски" — ааигәатәи аҳәаанырцәи Балтиеи ртәылақәа рҿы амультимедиатә центрқәа Рдирекциа апроект ИАР атәылақәа ржурналистцәа рзы.
Апрограмма еиҿкаауп 2023 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны имҩаԥысит 16 модуль, урҭ ирылахәын аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа 11 рҟынтәи 192-ҩык азыӡырҩцәа.
#social
Post #21573
14