TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21577 19
Алиса Гыцԥҳа V Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа алауреатцәа рылаҳәоуп.

Сынтәа аицлабрахь иааит 300 инареиҳаны азыҳәақәа адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи. Алԥшааратә хәҭа рхы аладырхәит Франциа, Латвиа, Боливиа, Еквадор, Аладатәи Кореиа, Монголиа, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Узбекистан, Ермантәыла, Аԥсны, Урыстәыла уҳәа атәылақәа рхаҭарнакцәа.

Афиналтә тур ахь инашьҭын 118-ҩык ауаа х-номинациак рыла: "Асолотә оператә шәаҳәара", "Ацҳәара аҟазара", "Акамератә вокалтә шәаҳәара".

▫️Аицлабра Гран-при ианашьан Никита Мешьчериаков (абаритон, Москва).
▫️Аоператәи акамертәи шәаҳәараҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылеит — Даниил Гаркунови (атенор, Москва) Васили Фузеиникови (атенор, Клин).
▫️Аноминациа "Искусство аккомпанемента" аҟны актәи аҭыԥ еиҩыршеит Зара Жазыкбаевеи (Ҟазахсҭан) Даниил Семыкини (Урыстәыла).

Афиналистцәеи, алауреатцәеи, аԥхьахә ҷыдақәа рҿы аиааира згази рсиа нагӡаны аицлабра аофициалтә саит аҿы икьыԥхьуп.

"Ҳара ҳаигәырӷьоит ари аиубилеитә еицлабрахь абриаҟара азыҳәақәа ахьнеиз, аусеицура иахьақәҿырҭиз аҩызцәа, апартниорцәа рхыԥхьаӡара. Ажиури сареи азыӡырҩрақәа ирылахәыз рыҩаӡара ҳгәы иахәеит — аконкуренциа ииашаҵәҟьаны даара иӷәӷәан, аиааира згаз ралхра мариамызт. Еиҳарак ҳдыргәырӷьеит аҳәаанырцәтәи алахәылацәа, урҭ ҷыдала атәыла харақәа рҟынтәи иаҳзааит, амузыка ҳәаа амам ҳәа ҳдевиз арҵабыргуеит", — ҳәа азгәалҭеит апроект асахьаркыратә напхгаҩы, ашьаҭаркҩы Алиса Гыцԥҳа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 16, 2026Белгородтәи аобласт агубернатор Александр Шуваев Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳә…
  2. Oct 16, 2026Сынтәа, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы 311 нызықьҩык ауааԥсыра аҭ…
  3. Oct 16, 2026Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра пермтәи аклиника "Лингва Бона" аус ацуразы амеморандум р…
  4. Oct 16, 2026Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи апроект "ИнтерНовости" ахыркәшаратә хәҭа иалахәын. Иар…
  5. Oct 16, 2026Аԥсны ихыркәшахеит акомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба инапхгарала Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала…
  6. Oct 16, 20262026 шықәсазы апроект Sputnik Pro афиналтә модуль мҩаԥысит Москва. "Sputnik Pro Зубовски"…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →