Белгородтәи аобласт аҳәаа иаԥну араионқәа рҟынтәи ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит.
Агәыԥ аҿы анацәеи ахәыҷқәеи шәҩык ыҟоуп, урҭ рхыԥхьаӡара иалоуп арратә операциа ҷыдаҿ иҭахаз аибашьцәа рхәыҷқәагьы.
Дара рзы иаздырхиеит хҭысла игәылҭәаау ҩымчыбжьтәи апрограмма, атәыла аҭыԥ ԥшӡара хадақәа рҭаара назлоу ҳәа иҳәеит иахьыҟоу аобиект аменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа.
Post #21514
28