TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21542 28
Аҟәа араион Шыцкәаратәи ашкол ахь амҩа адгьылҳәазара иарбгеит.

Ашкол аанда каҳаит, аш ҵнаӡәӡәааит, адгьыл ақәыԥшылараҿы аиҟәԥарақәеи адгьыл аҭабгарақәеи ҟалеит. Убри аан ааха зауз амҩа — ақыҭа ақалақь иадызҳәалоз амаршрут хада ауп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Иҟалаз ауадаҩра иазкыз анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭусбарҭеи жьҭаара 19 рҟынӡа ицәыргатәуп аҭагылазаашьа аамҭала аҭышәынтәалареи адгьылҳәазара ԥхьаҟатәи рыҿиара аԥырҟәҟәаареи рзы ажәалагалақәа.

Уи азы ақәаршҩытә ӡқәа мҩангатәуп, араион ахадареи аусбарҭақәеи аамҭалатәи ахыкәшарҭа мҩа аиҿкаара азҵаара аус адулатәуп.

Ашкол ахаҭа ахыбрагьы атехникатә ҭагылазаашьа макьана иҭҵаатәуп.
  • 😱 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 15, 2026АК "Аԥсны" Амедиалига ахраҿа афиналбжахь имнеиӡеит. Аԥсуа команда Lit Energy 4:3 ҳәа ишаиа…
  2. Oct 15, 2026"Аԥсны" акоманда ахәмарҩы Алим Аиба аԥшьбатәи ампыл ҭаиршәуеит. Уажәы адәы иқәуп "ампыл ҟа…
  3. Oct 15, 2026Аимҳәеи егьырҭ асезонтә чымазарақәеи рҿагыларазы алаҵақәа Аԥсны амбулатортә хәышәтәырҭақәа…
  4. Oct 15, 2026"Аԥсны" даҽа мпылк ҭанаршәит. Атабло аҿы 3:3. Ампыл ҭаиршәит Адель Рахмани. #social
  5. Oct 15, 2026Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" алекторцәа Аԥсны 50 инареиҳаны аҵараиурҭақәа рҿы арккаратә…
  6. Oct 15, 2026Аӡҭарчы ҿыц аадыртуеит апансионат "Литфонд" аҟны мызки бжаки рыҩнуҵҟа ҳәа иҳәеит акоммерци…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →