Аӡҭарчы ҿыц аадыртуеит апансионат "Литфонд" аҟны мызки бжаки рыҩнуҵҟа ҳәа иҳәеит акоммерциатә зҵаарақәа рзы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Агрба.
Уи ашәагаақәа — 26 метра ауреи, 12 метра аҭбаареи ыҟоуп, ахәыҷқәа рзы ишәарҭам ахәҭа хазы иҟоуп.
"Аӡҭарчы мшынӡла ирҭәуп. Арыцқьаратә усурақәа асанепидеологиатә нормақәа зегьы ирықәшәоит. Аԥхьаҟа ҳара ҳақәгәыӷуеит аӡҭарчы зныкала 40-ҩык рҟынӡа аҭааҩцәа аднакылап ҳәа", — азгәеиҭеит иара.
Апроектҟаҵараан, Агрба иажәақәа рыла, згәабзиаратә лшаракәа ԥку рырманшәалара ҳасаб азун — аӡҭарчы ҷыдала иахәҭоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.
#social
Post #21538
18