Уажәы "Бзыԥ" ҳәа еицырдыруа агазеҭ раԥхьатәи аҭыжьымҭа кьыԥхьын жьҭаара 15, 1931 шықәсазы.
Иаҩцамыз араионтә газеҭ Аԥсны мацара акәмызт иахьеицырдыруаз. Уи иаԥхьон Қарҭ, Москва, Ленинград, СССР ақалақьқәа рҿы.
Уи зыдҳәалаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ашықәсқәа раан "Бзыԥ" аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара иадҳәалаз атема ҵарқәа рылацәажәара иахьацәымшәоз акәын.
Абри аус аҿы ароль ду нарыгӡон ҩеижәихәба шықәса инарзынаԥшуа Нурбеи Лышәба напхгара зиҭоз аредакциа агәаӷьратә ӡбамҭақәа.
Нурбеи Лышәба иҩызцәеи иколлегацәеи ргәалашәарақәа рҿы дшаанхаз, агазеҭ "Бзыԥ" ҷыдарас иамаз, насгьы Аԥсны аҭоурых аҿы уи инанагӡаз ароль атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik азы Арда Лышәба лматериал аҿы.
#social
Post #21517
123