Очамчыра амшынбаӷәазаҿы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит.
Уи ирылахәын аҳаиртә техника. Авертолиот иазгәаҭаз ахықәкқәа қәҿиарала иажәлеит, аҿаԥхьа иқәгылаз аус нанагӡеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭон Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба.
🖇 Аԥсны Арбџьармчқәа аплантә аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаара 12 инаркны. Ахықәкы хада — аруаа рнапхгараҭара аиӷьтәра, акомандатәи аоперативтәи еилазаара афицарцәа апрактикатә ԥышәа дырҳара, иара убас Аԥсни Урыстәылеи Рырбџьармчқәа рыбжьара аинырра аус адулара.
Post #21518
33